Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аибашьра ҳахьӡеит аҩны": Зарина Басныкԥҳа-Коӷониа лгәалашәарақәа

© Foto / из семейного архива Зарины Баснықԥҳа-КоӷониаЗарина Баснықԥҳа-Коӷониа
Зарина Баснықԥҳа-Коӷониа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи сынтәа, цәыббра 30 рзы иҵуеит 31 шықәса. Ари аамҭа иагәылаҵәахуп ҳауаажәлар ирхыргаз арыцҳарақәа ирыдҳәалоу, ҿыцәаара зқәым агәалашәарақәа. Урҭ лассы-лассы рхы цәырыргоит. Аиҳарак Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу арыцхәқәа анааигәахо. Гагра ақалақьуаҩ Зарина Басныкԥҳа (Сыҷынааԥҳа)-Коӷониа аибашьра илзаанагеит ахаан имӷьо, ишьабо ахәрақәа. Егьа аҳәара шылцәыуадаҩызгьы, лгәы ҿаҳәаны дырзааҭгылеит лыла иабази илаҳази ахҭысқәа, илнырыз ахьаақәа ртәы.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Нанҳәа 14 1992 шықәсазы, ҳажәлар рнырҵәаразы бџьарлеи џьаԥҳанылеи рҽеибыҭа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны иақәлеит ҳәа ажәабжь ҩнаҭацыԥхьаӡа ианнеи, ишанхаз ҳажәлар ԥхыӡушәа ирыдыркылеит. Ишҵабыргыз рхахьы иааргар рҭахымхеит.
"Аибашьра ҟалаанӡагьы Гагра ҳанхон. Нанҳәа 14 аҽны, сан слысасын. Гәыла ԥҳәыскгьы дааины дыҟан. Ҳаилатәаны ҳашцәажәоз, даҽа гәыла ԥҳәыск "ателевизор ала аума збеит" ҳәа дласны ҳашә даалагылеит. Лажәабжь хьанҭа ҳаргачамкит, ҳнапы акы амкуа ҳҟанаҵеит. Уи аԥхьаҟагьы аҩ-милаҭк ҳабжьара изныкымкәа аиҿыхарақәа ҟалахьан, аха абасцәҟьа гыгшәыграла иҳазныҟәоит ҳәа ҳхахьы иааҳгар ҳҭахымызт. Раԥхьатәи аԥсҭбарақәа аныҟала, ихаумҵо закәыхзеи", - лажәабжь дналагеит Зарина.
Зарина лан лҟны дшыҟаз, Гагратәи 5-тәи аԥсуа школ аҟны рҵаҩыс аус зуаз, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" активистцәа иреиуаз лаҳәшьеиҵбы Ирина Сыҷынааԥҳа (Басныкԥҳа) дыццакы-ццакуа аҩныҟа дааит. "Мама, усгьы иҟалаз шәаҳаит" лҳәан, аҩны ирымаз амедицинатә маҭәашьарқәа – абамба, акасыш, азелионка, аиод, ахәшәқәа, иара убас иԥхасҭамхоз афатә (ахҩарақәа) зегьы реизгара далагеит. Ааигәа инхоз аԥсуа ҭаацәарақәагьы даарылагьежьын "уажәшьҭа аԥсҭбарақәагьы ҟалеит, аӷа иҿагылаз ҳаҷкәынцәа ацхыраара рҭахуп" ҳәа ралҳәан, урҭгьы ирылшоз анлырҭа аԥсуа школ ахь деиҭацеит. Уаакәын аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы аԥсуа хацәа ахьеизоз.
Роман Хынҭәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2023
Аԥсны
"Ҳгәы ҳҽанӡамкәа иҳажәлеит": аибашьра аветеран Роман Хынҭәба игәалашәарақәа
"Амш аҽеиҩшамҭаз ауп ҳара аибашьра ишалагаз анҳаҳа. Аҩнеихагылақәа рҟнытә хаҵеи ԥхәыси ҳалбааит уаҳа иҳаҳарызеи ҳәа. Инҭкааны ателевизор ала ишырҳәахьазгьы гәыӷрак ҳаман зегьы. Абџьар иаҵагылартә иҟаз ахацәа аԥсуа школ ахь ицеит. Абыргцәеи, ахәыҷқәа змаз аҳәсеи ҳнеидашшыло ҳаанхеит. Ахәлара аҽаназнакы, ҳааигәара инхоз саҳәшьеиҳабы Марина хҩык лхәыҷқәа нлыдкыланы, Дәрыԥшьҟа дигон лыԥшәма. Саргьы рҽадцыланы исыҳәеит срыццарц, аха мап скит. Уи азы сара схатә мзызқәа сыман. Аибашьра ахәашаҽны иалагазар, ахашаҽны сыԥшәма хышықәса зхыҵуаз ҳԥеиҳабы Асԥар диманы иабраа рахь Кәтолҟа дцеит. Аҩны, шықәсык зхымҵӡацыз аиҵба Алиаси сареи ҳакәын иҟаз. Схәыҷи сыԥшәмеи ирлахьынҵаз здыраанӡа Гагра сзалҵӡомызт. Ахәыцра хьанҭақәа сеимаркуан", - еиҭалҳәоит Зарина.
Адырҩаҽны, шьыбжьон, Зарина ҭынхарала илзааигәаз Иура Дасаниа ашҭаҟны даниба, "ара бызҿи, ақыҭахь бзымцеи" ҳәа иџьашьаны длазҵааит. Ларгьы лыгәҭынчымра атәы иалҳәеит. Гагра дыҟазар, лхәыҷи лыԥшәмеи рыӡбахә еиҳа илаҳашашәа лгәы иаанарго. "Хә-минуҭк бымоуп, ирласны бҽеидкыланы смашьына бақәтәа" ҳәа длықәамчит акы рыхьар ҳәа ишәаз ахаҵа.
Заур Хупориа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2023
Аԥсны
"Мызкы амацәаз ҳҭакын": аибашьраан Гагра иалаханы иҟаз Заур Хәупориа игәалашәарақәа
"Иура ас аниҳәа, исылсит ҳаԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылаз. Ҳара 16-тәи аихагылаҟны ҳанхон. Сласны, апакет схәыҷы аԥхынтәи имаҭәақәак нҭасҵан амашьына ахьгылаз ҳхы ҳархеит. Иура Дасаниа, Валера Орчыҟәба иҭаацәагьы ақалақь иалаигеит. Алиаси сареи ҳаигеит Жәандрыԥшьҟа. Уахь саҳәшьеиҵбы Ирина днеины ҳалбалон. Аха лара еиҳарак Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны иаԥҵахаз аштаб аҿы дыҟан, ацхыраара алҭон. Мчыбжьык ашьҭахь, Иура сиҳәеит Бзыԥҭаҟа сигарц. Сгәы иазычҳауамызт зынӡа жәабжьк ахьсмаҳауаз. Уахь сцар, зегь акоуп сҭынхацәеи сдырцәеи рацәоуп, џьара сҭаацәа рыӡбахәк шԥасмаҳари ҳәа сгәыӷуан. Иура срыцҳаишьан, сан лаҳәшьа дызмаз, ҳамаҳә Гарик Кьетиа иахь Бзыԥҭаҟа сигеит", - лажәабжь иацылҵоит Зарина.
Амилаҭ хақәиҭратә қәԥара иалахәыз Гарик Кьетиа игәы иаҭахымызт, Зарина асаби длыманы, аибашьратә цәаҳәа ааигәара дахьыҟаз. Аха игәаӷьны изыҳәомызт, дара рҿы дахьыҟоу иҭахымшәа лгәы иабар ҳәа дшәаны. Ашьҭахь, Зарина лаҳәшьа, Ира илаиҳәеит аӷацәа ахырӷәӷәарҭа ԥжәаны ԥхьаҟа еихарц шалшо, уи дырны ҿымҭӡакәа атәара шыҟамло. Зарина зегь акоуп хара ацара лзымгәаӷьит, Ира илԥшааз амашьынала Бзыԥҭатәи ацҳа ианықәс, Зарина илгәалашәеит Калдахәара уахьналало рыуацәа Шармаҭаа шынхоз. Убра даанижьырцгьы амашьынаныҟәцаҩ диҳәеит. Ан лтәы акалашәа иҟоуп, Гагра иацәыхараны џьара дцар, лгәы иҵхоз лхәыҷеиҳабы Асԥар иӡбахә лмаҳар ҳәа дшәон.
Динарик Ӡаӡба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2023
Аԥсны
"Ирхыргаз рацәоуп": Бзыԥҭа инхо Ӡаӡаа рҭаацәа аибашьраан изыниаз атәы
Зарина дахьаангылоз аҩны ԥшәымас иамаз дыԥҳәысеибан, Дусиа лыхьӡын. Лара лԥазаҵә усҟан 16 шықәса ракәын ихыҵуаз. Иаргьы аибашьраҿы илшоз ҟаиҵар иҭахын аҟнытә, иҩызцәа дрыцны напылаҟаҵаратәи арҭҟәацгақәа еибыҭаны аибашьцәа ирзыргон. Дусиа лԥа дихылаԥшру, асаби дызманы илызнеиз асас дылхылаԥшру лзымдыруа лыгәҭынчымра иацлеит. Избанзар дара рынхарҭа ҭыԥгьы амҩа хада авара акәын иахьыҟаз. Аӷацәа уахь икылсыр, рыҩны акәын раԥхьаӡа цәҟьарсҭас иҟалоз. Зарина уантәи, лаҳәшьеиҳабы Марина лабхәараа рахь Дәрыԥшьҟа, Тәанаа рахь дымцар амуит.
"Дәрыԥшь ҳшыҟаз, иҳазгәакьаз Анзор Ӡаԥшьба дҭахеит ҳәа ҳаҳаит. Маринеи сареи ҳалаӷырӡ ҳҿықәыҳәҳә Бармышьҟа шьапыла ҳдәықәлеит", - раԥхьатәи рҭаацәаратә хьаа далацәажәоит сажәабжьҳәаҩ.
Зарина лхәыҷы Алиас длыманы мызқәак Дәрыԥшь даанхеит. Иара уаагьы иҟалалон рыԥсҭазаара аӷа ашәарҭара ианҭаиргылоз. Дәрыԥшь иахаԥырны Бзыԥҭатәи ацҳа ԥыржәарц СУ-25, СУ-27 захьӡыз ақырҭуа ҳаирпланқәа цон.
"Ҽнак ахәыҷқәа ашҭаҿы ишыхәмаруаз, бжьыцәгьак ҳаҳаит. Адуцәа ҳаадәылҵзар, аҳаирплан ҳашҭаҿы изызҳауаз аҵлақәа рықәцәқәа ирзааигәаӡаны иаахалеит. "Арасаҭрахь шәыҩ" ҳәа аҳәҳәаара ҳалагеит. Саҳәшьаԥа еиҳабы Алхас дшанханы аҩада дышԥшуаз, акы изыруар ҳәа сшәан, сыҩны снеин, сыжәҩа дыҵакны абарҵахь дызгеит. Сара стәала деиқәсырхоит ҳәа салагеит. Ажәакала ҳагәҭынчымра иацлеит", - лҳәоит Зарина.
Ҳақы Шьрыф-иԥа Ажьибеи Бабулиа Шьаиб-иԥҳа Смырԥҳаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2023
Аԥсны
"Агәаӷ рхыргеит": ақырҭцәа ишьны ирблыз хаҵеи ԥҳәыси Ажьиаа рҭоурых
Аиҳәшьцәа Заринеи Маринеи, мызқәак рышьҭахь рхәыҷқәа рыманы, рабду Џьниа Камидаҭ игәараҭахь Аҷандараҟа ицеит. Иара идунеи иԥсаххьан, аха ранду Хыџьгәа Гәлариаԥҳа дыҟан. Ари аҩнаҭа, уи аамҭазы 35-ҩык зыҩнқәа нзмыжьыр ада ԥсыхәа ҟамлаз агәакьацәа ирхәшҭаарахеит. Уамашәа иубаша зегьы иахьтәаша, иахьгылаша, ирфаша уҳәа рыла еиқәдыршәеит анду Хыџьгәеи лҭаца Света Возԥҳаи.
"Аҷандара, санду Хыџьгәа лаҳәшьаԥҳа Марина Тәанԥҳагьы дыҟан. Лара ахшараиура дазыԥшын. Ус аҿҳәара ааигәахеит. Арахь ахацәа зегьы аибашьра иҟоуп. Анцәа иџьшьаны, саншьа Лиосик Џьниа имашьына ашҭа иҭагылан. Усҟантәи аамҭазы имаҷӡан амашьына аԥскы зкуаз аҳәса. Саҳәшьеи сареи ҳан лыбзоурала автошкола ҳалгахьан. Ажәакала, Марина Тәанԥҳа "лаамҭа" анааи, дсыманы Гәдоуҭаҟа ахшараиурҭахь сцеит. Диит, ҳанду лан лыхьӡ Ханӡа зыхьӡырҵаз аӡӷаб", - аибашьра цонаҵы рыԥсҭазаара аԥшшәы ахазҵаз ахҭыс дазааҭгылеит сажәабжьҳәаҩ.
Аиҳәшьцәа Заринеи Маринеи рхәыҷқәа рыманы Аҷандара иҟан Гагра араион аԥсуа еибашьцәа рнапахьы иааргаанӡа. Анаҩс, ԥшьала ихынҳәуа иалагеит аҭыԥантәи аԥсуаа. Зарина Алиас хәыҷы длыманы руаҭахь ахь дааит. Ҿымҭӡакәа дышгәырҩац дгәырҩон. Лцәеи лыбаҩи еикәыршаны акәын дшыҟаз. Лҭаацәа рыӡбахә ала зынӡа акагьы лыздыруамызт.
"Аибашьра иалагеижьҭеи ԥшьымз ааҵуаны, сгәыла ԥҳәыс Барцыцԥҳак ашә даасын, "быԥшәма ҵаҟа ахәыҷы диманы дгылоуп" лҳәеит. Азныказы "быхәмарны ибҳәома" ҳәа слызгәамҵит, аиашазы лгәы нсырхеит, аха акраамҭа зхәыҷы ихабар ззымдыруаз ан сакәымзи, сеилылкааит. Алифтқәа усгьы аус руӡомызт, шьапыла сыҩуа амардуан слыбааит 16-тәи аихагылаҟнытә. Ашҭахь снеизар, абар заб ишьапы иаваӷәӷәа игылоу Асԥар! Ахәыҷы сихамшҭӡеит, аха акраамҭа ҳахьеибамбацыз азы дысцәыԥхьашьан, сааигәара ааира ицәыцәгьахеит. "Уан соуп, Асԥар, ҳәа игәшәа ҳәаны дасгәыдысҳәҳәалеит ԥшьымз злахьынҵа сзымдыруаз схәыҷы", - лылаӷырӡ лҿықәыҳәҳә ахҭыс лгәалашәоит ан.
Зарина лыԥшәма, Ҭемыр Коӷониа илзеиҭеиҳәеит ари аамҭа иалагӡаны шаҳаҭра ззиуаз атәы. Кәтол даара ишәарҭан. Уа инхоз ақырҭқәа реиҳараҩык агыгшәыгқәа реиԥш ргәылацәа аԥсуаа ирызныҟәон. Икылԥшны ашҭақәа, агәарабжьарақәа, амҩадуқәа рҿы иахьырбоз иреихсны иршьуан. Ргәакьацәа ианаамҭаз ианырзымгалак, иҟалалон аԥсцәа аҳәақәа рхагыланы ианырфоз. Аныхәлалак акәын, алашьцара рҽаҭаны ианыргоз.
Михаил Каԥшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2023
Аԥсны
"Бџьарла, напышьашәала – доусы илшоз ҟаиҵон": аибашьҩы Михаил Қаԥшь игәалашәарақәа
"Кәтол ҳаҩны инеины абыргцәа - сабхәеи санхәеи рыла ҭырхаха, ҳгәылацәа иҟарҵо закәи ҳәа ишырҿаԥшуаз иҩнахысит. Ахәыҷы игарацәҟьа амца ацрарҵеит. Абаҳчаҿы еиқәыз арахә рхәы абҳәи, аҭәаҟәеи ирывымсит, ирблит. Сабхәа дхымхәаны аиара дшамазгьы, даҳшьоит ҳәа ихагылеит. Санхәа "дшәымшьын" лҳәар цас еихсуан азы, "дышәшьы, уи иара еиҳагьы иҭахуп" ҳәа ралҳәеит. Ус ихыҵны ицеит. Санхәа, ана-ара агәылацәа адырцәа рҟны Асԥар дылҵәахуан. Уажәшьа ишшәарҭахаӡаз анеилылкаа, лыҷкәын диҳәеит, "сыла ишабо смаҭа дыршьыр, илымкаа адәы сықәлаӡом, шьапыла акәзаргьы думаны уца" ҳәа. Ашҭа усгьы уқәлар уршьуан аҟнытә, аҩны ашьҭахьтәи ауада аԥенџьыр дкылсны, ахәыҷы диманы, ааҵрақәа рыла амҩа хадахь дылбааны, Тҟәарчалҟа ахәыҷы диманы дцеит. Раԥхьа ԥҳәыс быргк лыҩны инанагеит. Убра мышқәак иҟан авертолиот ԥраанӡа. Лара, рыцҳа, илымаз ала илбеит. Ахәыҷы ифап ҳәа лыкәтызаҵә лшьит. Алу ала аџьықәреи лаганы абысҭа луит. Ажәакала амла иалмыркӡеит, уи ашьҭахь илфо лмоуа дықәхар шалшозгьы", - лыԥшәмеи ахәыҷи ирыхҭысыз дазааҭгылоит ан.
Ҭемыр есышьыжь ахәыҷы диманы аеродром ахь дцон. Ахәынтә раан ауп авертолиот аҭалара анрылшаз. Иара иҭахын Асԥар аӡәы диҭаны дишьҭырц, аха аӡәгьы изымгәаӷьит атәым хәыҷы игара. Ҭемыр иԥа иҟәаҟәа дықәыртәаны, мчыла авертолиот дҭалеит. Ауаа ахьтәоз аҭыԥқәагьы ыҟамызт, убриаҟара иҭәын. Ари авертолиот тәеит Нхыҵ-Кавказ, Теберда. Араҟа убас иԥханы ахҵәацәа рыдыркылеит, рыфатә, рыжәтә, рынхара уҳәа зегьы иацклаԥшит. Ашьҭахь Ҭемыр абилеҭ изаахәаны ихәыҷи иареи дәыӷбала Адлерҟа иаарышьҭит. Устәи аҳәаа иахысны Гаграҟа иааит.
Ҭемыри Асԥари анԥры ашьҭахь, адырҩаҽны Тҟәарчалынтәи ахҵәацәа зманы ишьҭԥрааз авертолиот, аӷацәа Лаҭа ақыҭан иҭадырхоит.
Заринеи Ҭемыри руаҭах хәыҷы аҟны ирыдыркылеит, ашьаарҵәыра иҭагылаз, Аԥсны Мрагыларатәи аган аҟнытә ирызнеиз рыуацәа. Аамҭақәа шыцәгьазгьы, изларылшоз ала иныҟәыргеит.
Зарина лыҩнеихагыла аҵаҟа дгьыл ҽыҭк лыман, уаҟа лара бзиа ибаны ауҭра ҟалҵон. Аибашьра ашықәсан, анцәа игәаԥханы аҽаҩра беиахеит. Гагра иалаханы иҟаз лгәылацәа аурысцәа, уи ала рхы рбозаарын. Аԥшәма дангьежьы, "иҭабуп" ҳәа ларҳәеит. "Бпомидори бнашеи ҳаԥсы ҿырхон" рҳәеит. Убас дара илзеиҭарҳәеит, Гагра аӷа инапаҵаҟа иахьынӡыҟаз, ақалақь иалаханы иҟаз аԥсуаа адәқьан аҿы ачацәҟьа аархәарц азин шрырымҭоз. Маӡала, ирыцҳазшьоз рдырцәа ирзыргон, мамзар рхазы иаархәоз рыцеиҩыршон. Аибашьра анеилгагьы, амамзаара ыҟан. Зарина егьараан ачазы данцоз, лхәыҷқәа ирҿыҵкәкәаны абарак иҩназ аурыс быргцәа ирылҭон, "арҭ уаҩ дрымам, ирыцҳауп" ҳәа.
Ирина Сичинава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2019
Лыблақәа Аԥсны рхыубаалон: Ирина Сыҷынааԥҳа лгәалашәаразы
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан дҭахеит Зарина, "ҳаҩны мраҵас иҩнаԥхоз" ҳәа ззылҳәо лаҳәшьа Ирина Сыҷынааԥҳа. Лара, ԥхынгәы 25, 1993 шықәсазы Ешыра ақыҭан, аӷацәа иԥыржәаз арҭҟәацга ахыԥҽыха лыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Афырԥҳәызба 27 шықәса заҵәык ракәын илхыҵуаз.
"Ира дҭахеит Асԥар иира амш аҽны, лаҳәшьаԥа идылныҳәалоит ҳәа аара шылгәиҭаз. Ҳара иаразнак аҳаҳәара рзымгәаӷьӡеит. Ҳауацәеи, ҳдырцәеи еилауаҭыруан. Аҩны сшыҟаз, ҳҭел абжьы геит, "сӡырҩуеит" анысҳәа, ацәаҳәа егьи аган аҟнытә "Ирина Сыҷынааԥҳа дҭахеит, макьана лҭаацәа ирыздырӡом" ҳәа ԥҳәыск лыбжьы ҵысҵысуа слымҳа инҭаҩҩит. Сдысит. Сшьапқәа сыҵаҟәалеит. Сыбжьы сыхәлашәеит. Нас еилкаахеит, уи аԥҳәыс машәыршәа сара сахь дшақәшәаз, лара ҽаџьара акәын иаалыцҳар ахьылҭахыз… Ира анышә лаҭара ҳзыгәаӷьуамызт. Аха ҳгәы ҿаҳҳәеит… Усҟан игәырҩон зықьҩыла зыҷкәынцәа ҭахаз анацәа… Ҳаргьы дара ҳарҩызахеит", - аибашьра ирзаанагаз агәырҩа далацәажәоит Зарина.
Аибашьра адәаҟны иԥсҭазаара ҿахҵәеит 26 шықәса ирҭагылаз Зарина лабхәанда Роман Коӷониагьы. Арԥыс дыстудентын, Урыстәыла, Архангельсктәи автомҩатә институт дҭан. Иара иҵара ныжьны иԥсадгьыл ахьчаразы дааит. Роман агранатаршәга кны деибашьуан. 1993 шықәса хәажәкыра ааба рзы Лабра ақыҭан аснаипер дҭаирхоит. Илахьцәҟьа иҭаиршәоит. Иара ишьҭахь ихымхәаны ишьҭаз аб Шьалуа хара дзымнеит. Игәы иазышьҭнамхит иԥеиҵбы иҭахара.
Иҟамзар ҟалап ԥсыуа ҭаацәарак, згәы ахәра ннамҵаз ари аибашьра хлымӡаах. Агәырҩа иаӡрыжәыз ҳажәлар наунагӡа рыжәҩан цқьазааит, аҭынч ԥсҭазаара рлахьынҵазааит. Зыԥсадгьыл шьала иҿызхыз ҳҵеицәа хьӡырҳәагақәа ргәалашәара ҿымцәааит!
Ажәабжьқәа зегьы
0