Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика хәашь зегь еиҟаранатәит. Харада ахара рыдҵаны ирӡын, ишьын аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа реиԥш анхацәагьы. Аӡәгьы дыршаҭомызт, аӡәгьы дрыцҳаршьомызт. Иахьатәи санҵамҭа изкуп ажәлар раӷа ҳәа дыԥхьаӡаны Гагра, НКВД анапаҵаҟа иҟаз Абааҭатәи абахҭа аҵакыраҿы ишьыз Шәагә Ҷыҷ-иԥа Возба. Ажәабжь анҵоуп иара имаҭа Ефрем Возба иажәақәа рыла.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Шәагә Ҷыҷ-иԥа Возба шьҭрала Лыхнытәын. Иара маха-шьахала иӷәӷәаз, ҟазшьала иџьбараз хаҵан. Нестор Лакәаба изааигәаз уаҩын. Ареволиуциатә хеидкыла "Кьиараз" ашьаҭаҿы иҟаз дреиуан. Абольшевикцәеи аменьшевикцәеи реиҿагылараан аескадрон далахәын. Асовет чмра ашьақәгылара иазааԥсаз уаҩын. Шәагә аҭаацәара даналала Бзыԥҭаҟа нхара даауеит. Иара иԥсҭазаара ицеиҩылшеит Бзыԥҭа аҳабла анхаҩы Кьехьыриԥа Џьгәанаҭ иԥҳазаҵә Марушьа.
"Сабду игәараҭа ахшара рацәа еиҵагылеит. Иара дреиҳабын аҟнытә уеизгьы хазы нхара дцараны дыҟан. Санду лҭаацәа, аҳәара ҟарҵеит дара рахь Бзыԥҭаҟа иаарц. Ус иагьыҟарҵеит. Араҟа, ҿыц зынасыԥ еилазҵаз рыбзазара шьақәдыргылеит", - иҳәоит Ефрем.
Шәагә анхацәа зегь реиԥш аколнхара дазааԥсон, уи инаваргыланы, атәыла ашәарҭадара ацхыраазы иаԥҵаз ДОСААФ ҳәа изышьҭаз аҟны аус иуан, ахацәа аҽақәтәашьа дирҵон, амҩақәҵаҩыс дыҟан. Усҟантәи аамҭазы ацәгьаҳәаҩцәа рацәаҩын. Шәагә, Риҵаҟа амҩақәа ҭиҵаауеит, уахь ихало ачынуаа дырзышәарацоит иҭаирхарц азы ҳәа НКВД ахь аӡәы адырра ҟаиҵеит. Уи нахыс маӡала длаԥшықәҵаны дрыман. Хара имгакәагьы Гагра Абааҭатәи абахҭахь дганы, иҿахәгьы иҿымхкәа дҭадырхоит. Аамҭак ашьҭахь иабхәа Џьгәанаҭгьы дганы дыршьоит.
"Сабду зҟазшьа џьбараз, аиаша иашьҭаз аӡә иакәын аҟнытә, иҵашьыцуази дызцәымӷзи рацәан. Бзыԥҭа ахәҵа ҳәа иахьашьҭоу Аграа нхон. Аҭаацәара раб Шьыдгәа ажәлар раӷа ҳәа ддәылганы данырга, уи аамҭазы рыҩны зыргылоз ауасҭацәа ӷьычны ибналеит. Убасҟан сабду иԥшааны, иргаз дыргьежьратәы иҟаиҵеит. Ари аҭагылазаашьа згәамԥхазгьы ҟалеит", - иҳәоит амаҭа.
Шәагәи Марушьеи хҩык аԥацәа рхылҵит. Дара хәыҷқәан раб данҭадырхоз. Ажәакала, Џьгәанаҭ иԥшәмаԥҳәыс Лиза Хагәышьԥҳа лоуп еиҳабык лаҳасабала аҩнаҭа иахагылаз, зыԥҳаи змаҭацәеи рзы аҭакԥхықәра здылаз. Адгьыл иқәаарыхуа, арахәи акәти ааӡауа мацара рхы рбон аҭаацәа. Ус ишыҟаз, еиҭа ргәы кылызҵәаз амашәыр иақәшәоит. Иқәблаа ицоит рыҩны, уа далаблоит 30 шықәса аарла ирҭысыз Марушьа. Ари арыцҳара ашьҭахь, Лиза лгәы ҿаҳәаны еиҳагьы лыҽлырӷәӷәар акәхеит. Иааӡатәын абыдеи аныдеи инхаз аҷкәынцәа. Лиза лашьцәа лыцырхрааны аамҭалатәи ахыҵакырҭа лыргылеит, анаҩс аҩны хәыҷы. Аҵара иазҿлымҳаз амаҭа аиҳабы Владимир, анду, Аҟәа арҵаҩратә ҵараиурҭа дҭалҵоит. Уи даналгалак, Адыгатәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәша дҭалоит. Михаили Арсенти амашьынаныҟәцаратә курсқәа ирыллыргоит.
"Санду лан Лиза Хагәышьԥҳа аҭакԥхыкәра ду анлыдла, доуҳатә мчык лоузар акәхап, мамзар илылзыршозеи хҩык ауаа ршьапы рықәыргылара", - ҳәа азгәаиҭоит Ефрем.
Лиза Хагәышьԥҳа ақәра ду нылҵеит, лыдунеи анылыԥсахуаз 104 шықәса лхыҵуан.
Џьгәанаҭ Кьехьыриԥеи Шәагә Возбеи иахьа рыхьӡ зҳәо абиԥара еиҵагылоуп. Дара реиҳабацәа ргәалашәара ҳаҭырла иазыҟоуп.