Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ишьыцны ддырӡит": абиԥазаҵә Ҭабақь Быџба иҭоурых

© Foto / из архива семьи БыджбаҬабақь Быџба
Ҭабақь Быџба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ҳҭоурых иҩаза еиқәаҵәаны иалымҵуа ианхалеит 37-тәи ашықәс хьанҭақәа. Усҟан ауаҩы ихароу ыҟамзаргьы, ишьыцны "аҳәанҵәа" иқәырҭәон, цәгьоура дук ҟаиҵашәа ицәа дырцәгьон. Убас ашьыцра иахҟьаны ҿааҳәыра имамкәа иҭаацәа дырҟәыҭханы, Гагра, Абааҭатәи абахҭаҟны дыргәаҟны дыршьит абиԥазаҵә Ҭабақь Быџбагьы. Иара иӡбахә еиҭалҳәеит имаҭа Индира Быџԥҳа.
Гыд Бениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2022
Аԥсны
"Аҭоурыхтә хҭысқәа ирылаӡыз": Гыд Бениа ихылҵшьҭра рлахьынҵа
Ҭабақь Зафас-иԥа Быџба Блабырхәа ақыҭан диит, дабиԥазаҵәын. Мзызқәак ирхырҟьаны аҷкәын Бзыԥҭа, Аҭыӡҭа ҳәа иахьашьҭоу нхара даауеит. Араҟа џьабаала иҩны идәны еиҿкааны ибзазара шьақәиргылоит. Аусура далагоит аколнхараҿы. Афеида ахьырааӡоз хылаԥшҩыс дыҟан. Аколнхара аус инаваргылангьы Гагра ақалақь ажәытә хәҭаҟны акрыфарҭа маҷ "Трактиръ" хиртуеит. Дыкруаҩын, аԥара арҳашьа идыруан. Афаетонгьы иман. Ҭабақь ихьӡ хара инаҩхьан. Аҽқәа рацәаны иааӡон. Урҭ рахь имаз абзиабара иалҵшәахеит иҽыбӷаҟазарагьы. Дыздыруаз зегьы "дышҽыжәу дышьҭасны абаз шьҭихуеит" ҳәа изырҳәон.
Хымԥада усҟантәи аамҭазы, Ҭабақь Быџба ихьӡ-иԥшеи имазареи уаҩы илаԥш иҵамшәар ауазма. Арепрессиатә шықәсқәа раан, баша ацәгьа ҳәаны ауаҩы дурӡыр аныҟалоз, Ҭабақь иҵашьыцуаз џьоукы ишьҭашәарацо иалагеит. Маӡалагьы еилыркааит иара дызхылаԥшуаз афеида уахык алыцәҳар шалабӷьаҭаз. Убри дахырҟьаноуп анаҩс илахьынҵагьы шдыреиқәаҵәо.
"Сабду даара зҟазшьа џьбараз, дызҿызаалак зус ҭакԥхықәрала иазнеиуаз иакәын. Ус дшыҟаз бзианы издыруаз ари аҭагылазаашьа рхы иархәаны рыла даԥырыргарц рыӡбеит. Уахынла афеида ҷаԥшьаҩыс дшамамызгьы, улаԥш ахызар акәын ҳәа алақәа иԥхасҭартәаз аиҭаҳатәқәа дахырҟьаны иус аӡбара иалагеит. Аҩны дшыҟаз дындәылгангьы дыргеит. Санду Ҭамара Сангәлиаԥҳа "ирлас схынҳәуеит" ҳәа шлаиҳәазгьы уаҳа ҿааҳәыра имоуит", - еиҭалҳәоит амаҭа Индира Быџԥҳа.
Ҭабақь дырбаандаҩны даныргоз хҩык ахәыҷқәа иман. Аиҳабы Виктор хышықәса ихыҵуан, аиҵбацәа еициз Николаии Алықьсеи хымз ирҭан. Аб данҭарк ашьҭахь, ахәыҷкәа рыла ҭаа ран лнапы инхалеит.
"Сабду, Гагра, Абааҭатәи абахҭаҟны дыргәаҟны дшыршьыз ҳдыруеит, аха иԥсыбаҩ ахьыргаз уаҳа еилкаам. Иҟалоит уи абахҭа аҵакыраҟны иара иеиԥш ирҳәацәаны акьыр иаларблыз рыгәҭа дыҟазаргьы", - лажәа иацылҵоит амаҭа.
Маҳҭы Бениа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2019
Нестор Лакоба зыгәра игоз: Маҳҭы Бениа иҭоурых
Ҭабақь данҭадырха ашьҭахь имазара аимҵәара иалагеит. Гагра имаз акрыфарҭа "Трактиръ", иԥшәмаԥҳәыс Ҭамара ажәи иареи еиҭнылԥсахызшәа ашәҟәқәа еиқәыршәаны ачынуаа рнапахьы иааргеит. Лара ажә лырҭазтгьы лхәыҷқәа аланыҟәлымгози, аха илзырбодаз. Ақьаад анапаҵаиҩра дзақәшаҳаҭхазгьы наҟ-наҟ лысабицәа цәгьарак иақәдмыршәарц азоуп.
Аԥҳәысеиба амамзаара анлыхьӡа, лхәыҷқәа рныҟәгара лцәыуадаҩхеит. Николаи захьӡыз лԥа дычмазҩхан шықәсык ихыҵаанӡа идунеи иԥсахуеит. Егьырҭ реиқәырхаразы лашьцәа иарӷьажәҩаны иаалывагылан илыцхрааны ирааӡеит.
Ҭабақь ихатә џьабаала еиҿикааз инхамҩа, иахьагьы уаҩы илаԥш адхаларатәы еиҿкааны ирымоуп иԥацәа Виктори Алықьсеи рыхшара. Аха амаҭацәа ргәы иҵхоит рабду иԥсыбаҩ ахьрымам.
Дамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба ихылҵшьҭра - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2020
Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз
"Ҳабду даныршьуаз ихшара хәыҷцәан, насгьы иара дабиԥазаҵәын ибаҩ иашьҭалоз дҟамлеит. Ари аҭагылазаашьа иахьагьы ихьааны ҳгәы иҵоуп", - инаҵылшьит Индира.
Ҭабақь Быџба иеиԥш иагьаҩы рыцҳахеит, агәымхацәа рыбз амшала ргәаҟбжьи рыбаҩи аԥсабара иалаӡеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0