"Аби аԥацәеи": Никәала Хагәышь ихшареи иареи рҭоурых

© Foto / предоставила Саида Жиба Никәала Хагәышь
Никәала Хагәышь - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны егьараан аҭоурыхтә цәқәырԥақәа ирыгәҭылак иаман. Уи иахәланарӡуан шәҩыла ҳажәлар рхаҭарнакцәа. Баша-машагьы ракәмызт, атәыла уаҵәтәи аԥеиԥш знапы ианылараны иҟаз аҵеицәа хьӡырҳәагақәа ҳацәнарӡуан. Иахьатәи сажәабжь рызкуп Бзыԥҭа аҳабла иалҵыз аби аԥацәеи Хагәшьаа. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны аҭаацәара иацәыӡуеит аҩнаҭа ашьаҟақәа. Аҭоурых анҵоуп дара ирхылҵышьҭроу Мирена Хагәшьԥҳа лажәақәа рыла.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Бзыԥҭа аҳаблан хатә џьабаала инхоз, ахшара рацәа раб Никәала Осман-иԥа Хагәышь уаҩы диԥырхагамызт. Цәгьарак идырбалахьан ҳәа цәажәаракгьы аӡәы имаҳацыз, аха Сталини Бериеи рполитика имҩаԥнагоз арепрессиатә аамҭақәа раан ажәлар раӷа ҳәа ддырӡит. Никәала иқәрагьы маҷмызт, аха асабицәа зымшаҭоз иара дрыцҳаршьозма.
Аслан Ҳагба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2022
Аԥсны
"Аибашьра Ду ибжанатәыз": Аслан Ҳагба иԥсы шеиқәхаз иазкны
Абырг фҩык аԥацәа драбын. Иара данҭаркуаз иԥеиҳабы Лемца 27 шықәса ихыҵуан. Гал араион қыҭак аҟны ақыҭсовет ахантәаҩыс аус иуан. Аб харада ахара идҵаны ддырӡит ҳәа игәырҩоз аҭаацәа наҟ-наҟ ирзыԥшын иҵегь арыцҳарақәа. 1941 шықәсазы иалаго Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ахь еиҳабы-еиҳабыла Николаи иԥацәа аарыԥхьоит. Раԥхьа дцоит Лемца, уи ишьҭагыланы Цикор ҳәа зарҳәоз Григори, Ҭаҭар ҳәа ашәҟәы ианыз рашьеи, убас Максими. Аиҵбацәа Георгии Шоҭеи рықәра аҵанакӡомызт аҟнытә аҩны инхеит.
"Санду Шьакәа Зыхәԥҳа лԥацәа аибашьра ианырга ашьҭахь амыткәма ҳәо аҩны дыҩнан. Есыҽны адәыӷбаанҿасырҭахь дцон, ишԥамаари ҳәа. Ан лцәалашәарақәа ҽеимызт аҟнытә, лгәы дартәомызт. Аибашьра анеилга, ихынҳәыз Максим заҵәык иоуп. Лемца хабарда дыбжьаӡоит, Ҭаҭар дымшынуаҩын, дызҭаз аӷба афашистцәа Керч иӡаадырҟәрылеит. Григори Германиа дҭахеит аиааира мчыбжьқәак шагыз. Уи еилкаахеит шықәсқәак раԥхьа аинтернет ала. Джуп иара ақалақь Бад-Мускау азааигәара иҟоу ақыҭа Линденхаин", - лҳәеит Николаи имаҭа Мирена Хагәшьԥҳа.
© Foto / предоставила Саида Жиба

Лемца Хагәышь

Лемца Хагәышь - Sputnik Аҧсны
1/5

Лемца Хагәышь

© Foto / предоставила Саида Жиба

Ҭаҭар Хагәышь

Ҭаҭар Хагәышь - Sputnik Аҧсны
2/5

Ҭаҭар Хагәышь

© Foto / предоставила Саида Жиба

Григори Хагәышь

Григори Хагәышь - Sputnik Аҧсны
3/5

Григори Хагәышь

© Foto / предоставила Саида Жиба

Максим Хагәышь

Максим Хагәышь - Sputnik Аҧсны
4/5

Максим Хагәышь

© Foto / предоставила Саида Жиба

Шьакәа Хагәышь лпаспорт

Шьакәа Хагәышь лпаспорт - Sputnik Аҧсны
5/5

Шьакәа Хагәышь лпаспорт

1/5

Лемца Хагәышь

2/5

Ҭаҭар Хагәышь

3/5

Григори Хагәышь

4/5

Максим Хагәышь

5/5

Шьакәа Хагәышь лпаспорт

Аибашьрахь ицаз аишьцәа рахьтә Максим далахәын Кавказ ахьчара. Иара илшеит аӷацәа рҳаирплангьы аҭархара. Ҩынтә ӷәӷәала дхәын. Максим аҳамҭа ианашьаразы акомандаҟаҵара ашәҟәы ршьҭхьан Сталин иахь. Аха инапаҟынӡа иԥсы ахьынӡаҭаз имааит. Аҭаацәа алацәажәара рҭахымхеит, аха Максим ирҭараны иҟаз амедал ҽаӡәы итәитәит.
Мсас Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Аԥсны
"Илшаз рацәоуп": Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Мсас Чыкәбар иеибашьратә мҩа
Лемца афронт ахь даныршьҭуаз дҭаацәаран, аԥеи аԥҳаи иман, аха аҷкәын ачымазара иахырҟьаны дшыхәҷыз иԥсҭазаара далҵит. Ҭаҭар иакәзар, амшынтә флот аҿы командаҟаҵаҩс имаз аурыс иԥҳа диразҟхеит. Урҭ аԥҳа дырхылҵит, аха ларгьы лықәра шмаҷӡаз лыдунеи лыԥсахит. Германиа иҭахаз Григори дҭаацәараӡамызт. Николаи егьырҭ зыԥсы ҭаны инхаз иԥацәа анцәа иџьшьаны аизҳара роуит.
Аҷкәынцәа ран Шьакәа Зыхәԥҳа абриаҟара агәаҟрақәа шылхылгазгьы, ҳазшаз ақәра ду лиҭеит. Анду еиҵагылаз лмаҭацәа рыла лгәы лҟажеит.
Обучение бойцов перед отправкой на фронт - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Аԥсны
"Дҭахеит ҳәа ашәҟәы аахьан": Арзаабеи Смыр иеибашьратә нысымҩа
Ажәабжьқәа зегьы
0