Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Абиԥара дуӡӡак хырҵәан": Шьмаҭ Бениа иашьцәеи иареи рҭоурых

© Foto / из личного архива семьи Бения Шьмаҭ Бениа
Шьмаҭ Бениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ҳҭоурых аҟны ишьаарҵәыроу ашьҭа нзыжьыз арепрессиатә шықәсқәа, егьа шәышықәса ҵыргьы абиԥарақәа ргәалашәарақәа рҿы ишыҟац иаанхоит. Избанзар уи имӷьо хәроуп ҳтәылауаа абжеиҳарак рзы. Иахьа ишәыдызгало анҵамҭа рызкуп Бзыԥҭатәи анхацәа Шьмаҭ Ҭагәагәа-иԥа Бениеи иара иашьцәеи. Дара Нестор Лакоба изааигәаз уаан аҟнытә ахҵәара иақәдыршәеит. Ажәабжь анҵоуп Шьмаҭ имаҭа Дина Бениаԥҳа лажәақәа рҟнытә.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Ауаҩ нага ҳәа иԥхьаӡаз Шьмаҭ Бениа Бзыԥҭа аҳаблан дынхон. Иара аҵара имамызт, аха абызшәақәа дрызҿлымҳан, аԥсшәеи аурысшәеи инрываргыланы идыруан агыршәа, аҭырқәшәа, аерман бызшәа, абырзен бызшәа. Шьмаҭ ақыҭанхамҩа инапы алакын. Арахә рацәаӡаны иман, иааӡон ашьха. Абарҭқәа зегьы рныҟәгаразы Шьмаҭ иаб иашьа иԥацәа Алықьсеи, Шәлимани, Маҳҭи еицрыман Мамзышьха, Бамбаиашҭа ҳәа иахьашьҭоу, ашьха ашьапаҟны ишьҭоу адәҳәыԥш аҟны арахәааӡарҭа. Уаҟа ахьшьцәа ртәаны ирыман. Шьмаҭ иашьа гәакьа Кадыр дшыхәыҷыз идунеи иԥсаххьан аҟнытә, иаб иашьа иԥацәа ракәын дзықәгәыӷуаз. Бамбаиашҭа Бениаа асасааирҭагьы рызгылан. Уи хаз хыбраны иҟан. Арахь лассы-лассы аҳәаанырцәтәи асасцәа иманы дымҩахыҵлон Нестор Лакоба.
© Foto / из личного архива семьи Бения Шьмаҭ Бениа
Шьмаҭ Бениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2023
Шьмаҭ Бениа
"Сабду иашьцәеи иареи ашәарыцаҩцәа раҳасабала рыхьӡ хара инеихьан. Аиҳабацәа рҟнытә исаҳахьан, Маҳҭы захьӡыз сабду иашьа уи еиҳа ишиқәҿиауаз. Наҟ-ааҟ еиҿаԥшуаз абахәқәа ак аҟнытә ҽакахьы дыԥаны ашәарах ахьтәо дырны, рысасцәа рзы ишьны ишааигалоз. Бамбаиашҭа Маҳҭы ихәы ҳәа иахьагьы иҟоуп. Исаҳахьеит убас, ҳаҭырқәҵароуп ҳәа Маҳҭы ашәарахь шьны, Нестор Лакоба иҩызцәеи иареи ахьыҩназ асасааирҭа абарҵаҿы аԥсы ҭашәа иширтәаз. Уи збазгьы азнык азы ршәақьқәа ирҩахеит, аха иҟаҵәҟьаз анырдыр, аԥшәмацәа аџьшьара рырҭеит. Бамбаиашҭа ԥсыршьаган дара рзы. Араҟа еицышәарацон, ацәҟьарсҭа ҟаҵаны ахысраҿы еицлабуан", - ажәабжь еиҭалҳәоит Шьмаҭ имаҭа Дина Бениаԥҳа.
Маҳҭы Бениа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2019
Нестор Лакоба зыгәра игоз: Маҳҭы Бениа иҭоурых
Бамбаиашҭа усҟантәи аамҭазы ауаа дуқәа тәарҭас гыларҭас ишрымаз ззымдыруадаз. Аишьцәа Бениаа раҳаҭыр убысҟак иҳаракын, доусы разҟны иԥхьаӡон уахык иадамхаргьы арысасхара.
Аԥхынтәи аамҭазы Бамбаиашҭа акәзар Бениаа арахә ахьырбоз, аӡынра Баӷрыԥсҭа ("Холодная речка") ҳәа иахьашьҭоу Гагра азааигәара илбаауан. Араҟагьы дара асасцәа рыдкыларҭа рыман.
Аишьцәа Бениааи Нестор Лакобеи убысҟак пату еиқәырҵон, Алықьса захьӡыз аишьцәа руаӡәы аԥа даниоугьы Нестор ҳәа ихьӡиҵеит.
Гыд Бениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2022
Аԥсны
"Аҭоурыхтә хҭысқәа ирылаӡыз": Гыд Бениа ихылҵшьҭра рлахьынҵа
Арепрессиақәа ианрылага, аишьцәа Шьмаҭи, Маҳҭи, Алықьсеи, Нестор Лакоба изааигәоуп ҳәа ахара рыдҵаны, уахык ала идәылганы иргеит. Шәлиман захьӡыз рашьа, уи аамҭазы испанка ҳәа иҟаз ачымазара дамҽхакын аҟнытә дахьышьҭаз ауадахь изыҩнамлеит. Шәлиман ирӡра иахьымӡеит, аха, уеизгьы, илахьынҵа цәгьахеит, иара ачымазара дзазымиааит.
Шьмаҭ Гагра Абааҭатәи абахҭаҿы дҭакын. Уа дшыҟаз иаҳәшьаԥа Ладикәа Хышба днаргеит. Рҩыџьагьы шеиуацәаз НКВД аусзуҩцәа ианырдыр, Шьмаҭ махәҿыла дыӷәӷәан азы, цас ус иарҳәоит Ладикәа уиеис, уаиааир, уоуҳажьуеит ҳәа. Аха Шьмаҭ уи аҩыза ихы иаҭәаишьозма. Усҟан Ладикәа "уара унапаҟнытә сыԥсыр еиҳа еиӷьуп, дара сылакьысыр аасҭа" шиҳәазгьы, Шьмаҭ иҽимырҵысӡеит. Ус ишыҟаз Ԥерцхалава зыжәлаз НКВД амаҵ азызуаз Ладикәа иԥҟара далагеит. Шьмаҭ изымҳчакәа дҩагылан, Ԥерцхалава акәада иҿихит, аха ацәгьаршҩы "шәсыцхраа" ҳәа аҿыҭра дахьӡеит аҟнытә, Шьмаҭ деимлагәа дааныркылеит. Инапқәеи ишьапқәеи ҿаҳәаны, амардуан аҿаԥсақәа ихы шрынҟьоз дырҳәазаны ддәылыргеит. Раԥхьатәи аешелон ала Қарҭҟа ддәықәырҵеит.
Никәала Хагәышь - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2022
"Аби аԥацәеи": Никәала Хагәышь ихшареи иареи рҭоурых
"Жәыргьыҭ Лиза захьӡыз Шьмаҭ ианхәԥҳа дынхон, Кондрат Карчаа ҳәа қырҭуак диман. Лымаҳә уаҟа дышҭакыз адырра анлоу, ҩынтәҟа ибара днеит. Аха лгәы лҽанырҵеит ҽазны дидҵаалар ларгьы дышҭаркуа ҳәа. Игәаӷьны еиҭа даннеи, илаҳаит Шьмаҭ Сибраҟа дшахыргаз", - лажәа иацылҵоит Дина Бениаԥҳа.
Шьмаҭ иҭаацәа рахь асалам шәҟәқәа иҩлон Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду алагаанӡа. Уи ашьҭахь иара иҵыхәала уаҳа жәабжьк аӡәгьы имаҳаит.

"Ажәҩани, адгьыли, абнаршәыреи – уаҳа акагьы сыла иабаӡом ҳәа иҩлон сабду Шьмаҭ аҩныҟа. Изынарышьҭырцгьы дрыҳәон ашша, асалам шәҟәқәа рыҩразы ақьаади аконвертқәеи. Аԥара даҳәаӡомызт, Лиза иналаршә-ааларшәны изылшьҭуазаарын", - ҳәа азгәалҭоит амаҭа.

Шьмаҭи иԥшәмаԥҳәыс Дыҷ Агрԥҳаи хҩык ахшара рыман. Аб дандырӡуаз, аиҳабы Котик 17 шықәса ихыҵуан, агәабжьанытәи Џьота 15 дырҭагылан, аиҵбаӡа Зина - ԥшьышықәса. Аӡӷаб хәыҷы лаб ишьапы дамҵасны илкызаап НКВДаа дандәылыргоз. "Баб дрымшьыр, даауеит", - ҳәа рыцҳашьарак аламкәа ибжьы нлықәиргеит Жваниа зыжәлаз амилициа аусзуҩ. Шьмаҭ рыцҳа, "сахьыҟазаалакгьы саауеит" ҳәа иԥҳазаҵә инагӡамхаз ажәа лиҭеит…
Шьмаҭ жәҩахырс дызмаз, "Шьмаҭ дыԥсааит" ҳәа иқәуаз иаҳәшьцәа Нинеи, Маникеи, Маниеи уи нахыс рыԥсҭазаара агьама ацәыӡит.
Аишьцәа Бениаа рлахьынҵа даҽа ҭоурыхтә хҭыск анырра анаҭеит. 37-тәи ашықәсқәа аҭаацәа ирзаанагаз арыцҳара иацнаҵеит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду. Усҟан хабарда дыбжьаӡит Маҳҭы иԥа Алиоша. Дхымхәаны дхынҳәит Шәлиман иԥа Шамел. Шьмаҭ иԥеиҳаб Котик Берлинынӡа днаӡаны, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа иҽрыԥсеитәит.
Аҿарпынарҳәаҩы Џьота Хьециа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2020
Аҿарпынарҳәаҩи аҽыбӷаҟазеи: аибашьцәа Хьециаа Џьотеи Ивани рҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0