Аԥсны

"Ушьапы ухьуа аныҟәара уеиԥхыӡыр": амҩа ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи рҿы

Аԥсҭазаара, агәыхәтәы ахьӡара, ԥхьаҟа ацара иасимволу амҩа иазкуп Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа анаҩстәи лматериал.
Sputnik
Амҩа кьаҿым, амҩа еиҵыхуп,
Амҩа иқәу – имҩа нҵәом.
Таиф Аџьба
Амҩа – заҟа имариоузеи иагьыҵаулоузеи ари ажәа. Ақыҭақәа, ақалақьқәа, аҭыԥқәа уҳәа реидкыларадагьы, иара ауаҩы иԥсҭазаара ахаҭагьы мҩак иаҩызоуп уҳәар ауеит. Хымԥада, амҩақәа зегьы еиԥшым џьара имчымхарҭоуп, зназы ихылаӷьароуп, нас ишнеиуа иҟьаҟьароуп. Аԥсҭазааратә мҩаҿы уаԥхьаҟа ишьҭо аӡәгьы издырӡом.
Имҩану, акырӡа ирыхьӡарц зҭаху ауаа цәажәоит Иуа ибызшәала “Сымҩа маҷым, ихароуп, Сгәы иҭақәоугьы крырҭахқәоуп…”
Аԥсны
"Ага бӷьыци ашьха бӷьыци еиқәшәоит": аиҿырԥшрақәеи ажәаԥҟақәеи рҟнытә

Амҩеи ажәаԥҟақәеи

Амҩа аԥсҭазаара, агәыхәтәы ахьӡара, ԥхьаҟа ацара иасимволуп. Жәлар рҟәыӷара згәылыжжуа аԥсуа жәаԥҟақәа рҿгьы амҩа атема бзианы иаарԥшуп. Иаагозар: "Амҩа бзиа аҭбаарала иудыруеит", "Амҩа здыруа ԥызаҩ диҭахӡам", "Амҩа иага ихаразаргьы, ииашоу уаныл", "Узышьцылам амҩа иаша аҵкыс, узышьцылоу амҩа хәахәа", "Амҩа уқәзар, умҩахь уԥшла", "Амҩа уанықәло уҽы бзиаз, аҩны уанааиуа – уԥҳәыс", " Амҩа хараҿ аҭәыцгьы еидароуп".
Мышныҟәа ахьуҭаху, хымш умҩаныфа шьҭых. Иҟалоит убас уусқәа зегьы уара ишуҭаху, уара ушрызхәыцуа ианыҟамло. Убри аҩыза аҭагылазаашьа уазхианы, агәҽанызаара уманы уҟазароуп.
Мышныҟәа иныҟәаз, шьыбжьаанӡаныҟәа игхеит. Ихықәкы, иус наигӡарц, далгарц маҷк зыгхаз изы абас рҳәоит.

Азеиӷьашьарақәа

Ауаҩы џьара дцарц амҩа данықәгыло, ма дандәықәла зеиӷьшьарак аҳасабала: "Мҩамш!", "Мҩамш уқәлааит!", "Амҩа бзиа!", "Амҩа бзиа уқәлааит!", "Умҩа маншәалаз!", "Умҩа хаирзааит!", "Умҩа бзиахааит!" - рҳәоит. Аныҳәаҿақәа рҿы иуԥылоит: "Умҩа лашазааит!", "Умҩақәа аартызааит!" ҳәа.

Х-мҩак ахьеихагалоу

Амҩақәа еизааигәахоит, еицәыхарахоит, џьара-џьара еилаҵәоит. Убас х-мҩак ахьеиқәшәо, даҽакала "х-мҩак ахьеихагалоу" ззырҳәо аҭыԥ аԥсуаа ҳҿы пату ақәуп. Агәаанагарақәа рыла уа узыҳәо ахьыҟало, иҟалараны иҟоу ахьеилкаахо, адырра ҿыцқәа ахьуоуа ҭыԥуп.
Аҭаацәара иаламлац аҿар ирынасыԥхо деилыркаарц (азгә. ԥхыӡла дырбарц) Хәажәкыра ауха абзиабара анцәахәы Нымираҳ изку ақьабз ҟарҵон. Анымираҳ изкны ақьабз шымҩаԥыргоз ҳәа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи" аҿы ашәҟәыҩҩы-ажурналист Шьаликәа Камкьиа абас иҩуан: "Ашыла кәаҳаны, џьыкахышла иҳәахны, кәакәарны ирӡуеит рыцыԥхьаӡа фба-фба цыра. Ашьҭахьы еицәажәахьаз аҭыԥҳацәа ркәакәарқәа рыманы, хы-мҩакы ахьеихагалоу иаангыланы, "сынасыԥ уаха ԥхыӡла дсырба", - ҳәаны, досу ртәқәа х-кәакәарк рфоит, нас џьаргьы ихьамԥшӡакәа, егьырҭ акәакәарқәа аҩныҟа иааргоит, уи ауха иахьышьҭамлац џьара иԥхьоит, ркәакәарқәа рыхчы иаҵаҵаны".

Амҩеи аԥхыӡқәеи

Амҩала ашьхарантә абнарахь улбаауа ԥхыӡла иубар – абзиара уақәзыргәыӷуа инарыгӡом.
Ушьапы ухьуа аныҟәара уеиԥхыӡыр – уадаҩрак, гәамҵрак уақәшәоит.
Аҳаракырахь ухало, уаантә алаҟәырахь уцо уеиԥхыӡыр – ацхыраара уақәзыргәыӷыз дуеижьоит.
Аԥсны
"Аимак, ацҭәа - ауаҩы дызмырӷьацауа": еимакык шыҟало узырдыруа азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи