00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ага бӷьыци ашьха бӷьыци еиқәшәоит": аиҿырԥшрақәеи ажәаԥҟақәеи рҟнытә

© Sputnik / Акоп Кущян Набережная Гагры
Набережная Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2025
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа еидылкылаз анаҩстәи лматериал азылкуеит ага иахҳәаау аиҿырԥшрақәеи ажәаԥҟақәеи.
Агеи ашьхеи иргәыҵаҳәҳәоуп Аԥсуа ишьамдгьыл Аԥсны. Уи жәынгьы-ҿангьы еиҩаӡон аӡәырҩы. Анцәа идгьылуп, иԥшӡоуп, ииаҵәоуп – ашьхантә ага ухыԥшылоит, агантә ашьха ӡышқәа убоит. Ԥшӡара згым агеи ашьхеи хеибарҭәаауеит, еидҳәалоуп. Ӡиаси рҩаши ашьхантәи агаҟа имҩасуеит, ашьха дауаԥшьқәа ааныжьны хара. Нас урҭ қәа рыцны ирзыхынҳәуеит ирызгәакьоу ашьха ҳаракырақәа.
Иҟоуп ауаа ркатегориа ашьха ҭыԥқәа згәы иақәшәо, аҭынчреи аԥсабареи зҽамаздо. Џьоукых ага акаршәра, амшын аԥшаҳәа рыԥсеиԥш ирбоит. Ацәқәырԥқәа ахьыхәмаруа, аҷнышқәа ахьеилаԥыруа амшын аԥшаҳәаҿы ашьыжь каҳуак инаҿымхәакәа рымш залагом.
Ага (азгә. урысшәала "побережье", "морской берег", "море", "юг") хыҵхырҭақәак излазгәарҭо ала ахатәы нцәахәы даман, "Ага анцәахәы" ихьӡын. Аҵарауаҩ нага, афольклорист Сергеи Зыхәба иҩуан: "Ас еиԥш иҟаз анцәахәы изкны аԥсуаа аныҳәара мҩаԥыргон амшын ахықәан акыр аамҭа аангыларҭас ианроуаз. Ари анцәахәы игәхьаа умкыр даара ицәымӷуп, дгәаауеит ҳәа иԥхьаӡан. Ишихәҭоу ҳаҭыр иқәзымҵо, дзаҭәазымшьо амшын ацәқәырԥқәа ижәиҵон. Убри инамаданы аԥсуаа амшын азааигәара ианыҟаз, даара рхы иацклаԥшуан, ирыман иҷыдоу ахымҩаԥгашьа, амшын иҭарыжьуамызт агәамсам, ахаҳәқәа, хәыҷи-дуи ҭажьцәар ҵасмызт" (Ахыҵхырҭа: С.Л. Зыхәба "Аԥсуа мифологиа").
Шторм в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2024
Аԥсны
"Ажәлар луанытә иқәыԥсычҳар, амшын ҭанарбоит": амшыни амшынтә леқсикеи зныԥшуа ажәаԥҟақәа
Аԥсуаа ражәаҳәа ага иазкны ажәаԥҟақәа, аиҿырԥшрақәа, азгәаҭарақәа маҷымкәа иалоуп.

Ажәаԥҟақәа

"Адаӷь аӡы ианаанахәа, саргьы уахь агаҟа (амшын ахь) сцарц сҭахын аҳәеит" - ауаҩы иқәымҿиаз, имч зқәымхаз, цқьа изыҟамҵаз аус ихы амариашаны, саргьы абас иҟасҵарц акәын ишысҭахыз ҳәа аниҳәа, ихыччаны, абас рҳәоит.
"Ага ицо лак рыцуп"; "Ага ицоз лак рыцын" - шьоукы ахьцо дмыцхәны, даҭахӡамкәа ирыцу изы ирҳәоит.
"Ага ирыԥҟаз, ашьха дҵәыуон" - ари ажәаԥҟа иашьашәалоуп даҽа жәаԥҟакгьы "Очамчыра ирыпҟаз, Тамшь данааи игәалашәеит" - азалымдара ззыруз, ианаамҭоу, иахьахәҭоу, ишахәҭоу ихы анизеиҭамҳәалак, уи ихьшәаны, иахьахәҭаӡам далацәажәо даналагалак, абас иарҳәоит.
"Ага бӷьыци ашьха бӷьыци еиқәшәоит" - кыраамҭа еибамбацыз машәыршәа ианеиқәшәалак, ма ҩаԥхьа ианеиқәшәо рзымдыруа ианеиԥырҵуа абас рҳәоит.

Аиҿырԥшрақәа

"Ага бжьам, ашьха бжьам" - рҳәоит рацәак ихарам аҭыԥ аарԥшраан.
"Ага уганы, аӡы умыржәӡакәа уааигоит" - ари ажәеицааира ауаҩы гызмал данарбоит.
"Агеи ашьхеи рыбжьоуп" - ҟазшьала, гәаҭала еиԥшым ауаа анеиҿдырԥшуа рхы иадырхәоит ари ажәеицааира.
"Ага сцаны лыхәҭала аӡы аазгаанӡа анцәа уимшьааит" - ауаҩы ашықәс рацәа, агәабзиара анизеиӷьыршьо, иныҳәаҿа анааныркыло абас еиԥш иҟоу ажәеицааира рхы иадырхәар алшоит.
"Геи-шьхеи еицуп" - анырҳәа, еиҩызцәа бзиақәоуп аанагоит.
Берег Черного моря в городе Гагра - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2024
Аԥсны
"Аҟәараҿы ахаҳә змоуз иеиԥш": аиҿырԥшратә шьҭынгыла “еиԥш” зцыло ажәаԥҟақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0