https://sputnik-abkhazia.info/20250621/ushapy-ukhua-anyara-ueikhyyr-ama-azhaaei-akhyei-ry-1055468466.html
"Ушьапы ухьуа аныҟәара уеиԥхыӡыр": амҩа ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи рҿы
"Ушьапы ухьуа аныҟәара уеиԥхыӡыр": амҩа ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи рҿы
Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара, агәыхәтәы ахьӡара, ԥхьаҟа ацара иасимволу амҩа иазкуп Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа анаҩстәи лматериал. 21.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-21T15:25+0300
2025-06-21T15:25+0300
2025-06-21T15:31+0300
аԥсны
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103017/40/1030174029_0:512:2730:2048_1920x0_80_0_0_c39581f48121230d20e0ca0ff4293852.jpg
Амҩа кьаҿым, амҩа еиҵыхуп, Амҩа иқәу – имҩа нҵәом. Таиф АџьбаАмҩа – заҟа имариоузеи иагьыҵаулоузеи ари ажәа. Ақыҭақәа, ақалақьқәа, аҭыԥқәа уҳәа реидкыларадагьы, иара ауаҩы иԥсҭазаара ахаҭагьы мҩак иаҩызоуп уҳәар ауеит. Хымԥада, амҩақәа зегьы еиԥшым џьара имчымхарҭоуп, зназы ихылаӷьароуп, нас ишнеиуа иҟьаҟьароуп. Аԥсҭазааратә мҩаҿы уаԥхьаҟа ишьҭо аӡәгьы издырӡом.Имҩану, акырӡа ирыхьӡарц зҭаху ауаа цәажәоит Иуа ибызшәала “Сымҩа маҷым, ихароуп, Сгәы иҭақәоугьы крырҭахқәоуп…”Амҩеи ажәаԥҟақәеиАмҩа аԥсҭазаара, агәыхәтәы ахьӡара, ԥхьаҟа ацара иасимволуп. Жәлар рҟәыӷара згәылыжжуа аԥсуа жәаԥҟақәа рҿгьы амҩа атема бзианы иаарԥшуп. Иаагозар: "Амҩа бзиа аҭбаарала иудыруеит", "Амҩа здыруа ԥызаҩ диҭахӡам", "Амҩа иага ихаразаргьы, ииашоу уаныл", "Узышьцылам амҩа иаша аҵкыс, узышьцылоу амҩа хәахәа", "Амҩа уқәзар, умҩахь уԥшла", "Амҩа уанықәло уҽы бзиаз, аҩны уанааиуа – уԥҳәыс", " Амҩа хараҿ аҭәыцгьы еидароуп".Мышныҟәа ахьуҭаху, хымш умҩаныфа шьҭых. Иҟалоит убас уусқәа зегьы уара ишуҭаху, уара ушрызхәыцуа ианыҟамло. Убри аҩыза аҭагылазаашьа уазхианы, агәҽанызаара уманы уҟазароуп. Мышныҟәа иныҟәаз, шьыбжьаанӡаныҟәа игхеит. Ихықәкы, иус наигӡарц, далгарц маҷк зыгхаз изы абас рҳәоит. АзеиӷьашьарақәаХ-мҩак ахьеихагалоуАмҩақәа еизааигәахоит, еицәыхарахоит, џьара-џьара еилаҵәоит. Убас х-мҩак ахьеиқәшәо, даҽакала "х-мҩак ахьеихагалоу" ззырҳәо аҭыԥ аԥсуаа ҳҿы пату ақәуп. Агәаанагарақәа рыла уа узыҳәо ахьыҟало, иҟалараны иҟоу ахьеилкаахо, адырра ҿыцқәа ахьуоуа ҭыԥуп.Аҭаацәара иаламлац аҿар ирынасыԥхо деилыркаарц (азгә. ԥхыӡла дырбарц) Хәажәкыра ауха абзиабара анцәахәы Нымираҳ изку ақьабз ҟарҵон. Анымираҳ изкны ақьабз шымҩаԥыргоз ҳәа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи" аҿы ашәҟәыҩҩы-ажурналист Шьаликәа Камкьиа абас иҩуан: "Ашыла кәаҳаны, џьыкахышла иҳәахны, кәакәарны ирӡуеит рыцыԥхьаӡа фба-фба цыра. Ашьҭахьы еицәажәахьаз аҭыԥҳацәа ркәакәарқәа рыманы, хы-мҩакы ахьеихагалоу иаангыланы, "сынасыԥ уаха ԥхыӡла дсырба", - ҳәаны, досу ртәқәа х-кәакәарк рфоит, нас џьаргьы ихьамԥшӡакәа, егьырҭ акәакәарқәа аҩныҟа иааргоит, уи ауха иахьышьҭамлац џьара иԥхьоит, ркәакәарқәа рыхчы иаҵаҵаны".Амҩеи аԥхыӡқәеи
https://sputnik-abkhazia.info/20250608/aga-bytsi-ashkha-bytsi-eishoit-aiyrshraei-azhaaei-rnyt-1055224660.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250222/aimak-atsa---auay-dyzmyratsaua-eimakyk-shyalo-uzyrdyrua-azgaaraei-akhyei-1053844281.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103017/40/1030174029_0:0:2730:2048_1920x0_80_0_0_35c42643b0ce7f12be4c25ecd55ba07c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, жәлар рдоуҳа
аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, жәлар рдоуҳа
"Ушьапы ухьуа аныҟәара уеиԥхыӡыр": амҩа ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи рҿы
15:25 21.06.2025 (ирҿыцуп: 15:31 21.06.2025) Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Аԥсҭазаара, агәыхәтәы ахьӡара, ԥхьаҟа ацара иасимволу амҩа иазкуп Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа анаҩстәи лматериал.
Амҩа кьаҿым, амҩа еиҵыхуп,
Амҩа иқәу – имҩа нҵәом.
Таиф Аџьба
Амҩа – заҟа имариоузеи иагьыҵаулоузеи ари ажәа. Ақыҭақәа, ақалақьқәа, аҭыԥқәа уҳәа реидкыларадагьы, иара ауаҩы иԥсҭазаара ахаҭагьы мҩак иаҩызоуп уҳәар ауеит. Хымԥада, амҩақәа зегьы еиԥшым џьара имчымхарҭоуп, зназы ихылаӷьароуп, нас ишнеиуа иҟьаҟьароуп. Аԥсҭазааратә мҩаҿы уаԥхьаҟа ишьҭо аӡәгьы издырӡом.
Имҩану, акырӡа ирыхьӡарц зҭаху ауаа цәажәоит Иуа ибызшәала “Сымҩа маҷым, ихароуп, Сгәы иҭақәоугьы крырҭахқәоуп…”
Амҩа аԥсҭазаара, агәыхәтәы ахьӡара, ԥхьаҟа ацара иасимволуп. Жәлар рҟәыӷара згәылыжжуа аԥсуа жәаԥҟақәа рҿгьы амҩа атема бзианы иаарԥшуп. Иаагозар: "Амҩа бзиа аҭбаарала иудыруеит", "Амҩа здыруа ԥызаҩ диҭахӡам", "Амҩа иага ихаразаргьы, ииашоу уаныл", "Узышьцылам амҩа иаша аҵкыс, узышьцылоу амҩа хәахәа", "Амҩа уқәзар, умҩахь уԥшла", "Амҩа уанықәло уҽы бзиаз, аҩны уанааиуа – уԥҳәыс", " Амҩа хараҿ аҭәыцгьы еидароуп".
Мышныҟәа ахьуҭаху, хымш умҩаныфа шьҭых. Иҟалоит убас уусқәа зегьы уара ишуҭаху, уара ушрызхәыцуа ианыҟамло. Убри аҩыза аҭагылазаашьа уазхианы, агәҽанызаара уманы уҟазароуп.
Мышныҟәа иныҟәаз, шьыбжьаанӡаныҟәа игхеит. Ихықәкы, иус наигӡарц, далгарц маҷк зыгхаз изы абас рҳәоит.
Ауаҩы џьара дцарц амҩа данықәгыло, ма дандәықәла зеиӷьшьарак аҳасабала: "Мҩамш!", "Мҩамш уқәлааит!", "Амҩа бзиа!", "Амҩа бзиа уқәлааит!", "Умҩа маншәалаз!", "Умҩа хаирзааит!", "Умҩа бзиахааит!" - рҳәоит. Аныҳәаҿақәа рҿы иуԥылоит: "Умҩа лашазааит!", "Умҩақәа аартызааит!" ҳәа.
Амҩақәа еизааигәахоит, еицәыхарахоит, џьара-џьара еилаҵәоит. Убас х-мҩак ахьеиқәшәо, даҽакала "х-мҩак ахьеихагалоу" ззырҳәо аҭыԥ аԥсуаа ҳҿы пату ақәуп. Агәаанагарақәа рыла уа узыҳәо ахьыҟало, иҟалараны иҟоу ахьеилкаахо, адырра ҿыцқәа ахьуоуа ҭыԥуп.
Аҭаацәара иаламлац аҿар ирынасыԥхо деилыркаарц (азгә. ԥхыӡла дырбарц) Хәажәкыра ауха абзиабара анцәахәы Нымираҳ изку ақьабз ҟарҵон. Анымираҳ изкны ақьабз шымҩаԥыргоз ҳәа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи" аҿы ашәҟәыҩҩы-ажурналист Шьаликәа Камкьиа абас иҩуан: "Ашыла кәаҳаны, џьыкахышла иҳәахны, кәакәарны ирӡуеит рыцыԥхьаӡа фба-фба цыра. Ашьҭахьы еицәажәахьаз аҭыԥҳацәа ркәакәарқәа рыманы, хы-мҩакы ахьеихагалоу иаангыланы, "сынасыԥ уаха ԥхыӡла дсырба", - ҳәаны, досу ртәқәа х-кәакәарк рфоит, нас џьаргьы ихьамԥшӡакәа, егьырҭ акәакәарқәа аҩныҟа иааргоит, уи ауха иахьышьҭамлац џьара иԥхьоит, ркәакәарқәа рыхчы иаҵаҵаны".
Амҩала ашьхарантә абнарахь улбаауа ԥхыӡла иубар – абзиара уақәзыргәыӷуа инарыгӡом.
Ушьапы ухьуа аныҟәара уеиԥхыӡыр – уадаҩрак, гәамҵрак уақәшәоит.
Аҳаракырахь ухало, уаантә алаҟәырахь уцо уеиԥхыӡыр – ацхыраара уақәзыргәыӷыз дуеижьоит.