Аԥсадгьыл ацәыӡра иацу ахьаа здыруаз аԥсуа хылҵшьҭра Зиуар Чычба

© Foto / Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәЛеон иорден занашьоу афырхаҵа Зиуар Чычба
Леон иорден занашьоу афырхаҵа Зиуар Чычба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 14 - Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага амш аҽны даҳгәалаҳаршәоит уи амцашыра ахы инаркны иалагылаз, зыԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Сириантәи ҳашьа - афырхаҵа Зиуар Чычба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҳәаанырцәынтәи аԥсыуак ила аҭаԥшра, еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, аӡәк данышәҩыкыз ҳара ҳзы – 1989шықәсазы  Қырҭтәыла имҩаԥнагоз аполитика ҳажәлар апротест аназыҟарҵоз, мчыбжьыла афилармониа аҟны ианеизоз, ԥхыӡу лабҿабоу агәра рзымго, СССР апаспортқәа рыманы, "Ҳара ара ҳатәуп, ҳаԥсадгьыл ахь ҳхынҳәит" ҳәа Сириантәи раԥхьаӡа акәны иааз ҳџьынџьуаа ируаӡәкыуп Зиуар Чычбеи, Амер Кәыџбеи.

"Иҟан арахь ҳаара иадҳәалаз ауадаҩрақәа. Уахык ҳаангылеит Баҭым, ҳауацәа рҿы, анаҩс Зиуари сареи ҳааит Аԥсныҟа. Сара азныказ иџьасшьеит ақалақь ҳаналала, ауаа ыҟаӡамкәа иҭацәны иахьызбаз. Аха афилармониа ҳаназааигәаха, ауаа рацәа ҳнарылаԥшит. Анаҩс, еилкаахеит ажәлар реизарақәа зызкызгьы", – игәалаиршәоит Амер Кәыџба.

Аҳәаанырцәынтәи ҳашьцәа Аԥсныҟа рыхынҳәра гәыблыла иргәаладыршәоит аҭыԥантәи аԥсуаа.

"1988-1989-тәи ашықәсқәа рзы убри аҩыза ҭагылазаашьак ыҟан Аԥсны, ҳдиаспора ирхылҵшьҭраз аӡәы данаҳбалак, акыраамҭа иаҳхашҭуамызт. Ҳаиқәшәарақәа, ҳаиԥыларақәа иахьагьы уаҵәгьы иԥхаӡа сгәалашәараҿы иаанхоит. Исхашҭӡом ахаан, 19889 шықәсазы, афилармониаҿы ҳажәлар рыгәҭыхақәа зегьы анырҳәоз, апротест аныҟарҵоз аамҭазы, Амер Кәыҿбеи, Зиуар Чычбеи асцена ианаақәла, "Ҳара ҳаԥсыуаауп, Аԥсны ҳанхарц ҳааит" — ҳәа рыбжьы анаадырга, ҳажәлар адруҳәа ишгылаз. Шаҟаҩы ргәы шьҭнахзеи ари ахҭыс. Анаџьалбеит, ҳашьцәа  ҳзыхынҳәуазаап ҳәа агәыӷра лаша ҳазцәырнагеит зегьы. Анаҩс, ҳаиҩызцәахеит, ҳаиҭанаиааиуан, ҳаибабон", –илгәалалыршәоит апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа.

Еибаԥшааит, еигәныҩит, аамҭаказы еицәыӡхьаз, аҭоурых еиҟәнашахьаз Зиуар ижәлантәқәа Чычааи иареи.

"Иҳаҳахьан Сириа ҳажәлантәқәа шынхоз. Апоетесса Нелли Ҭарԥҳа  убра дыҟан. Данаа иҳалҳәеит  ҳашьцәа Чычаа шылбаз, ԥшра-сахьала ҳара ишҳаиԥшыз. 1989 шықәсазы, афилармониаҟны аизараҿы сыштәаз, Нелли Ҭарԥҳа асцена даақәлан, еизаз ирылалҳәеит Сириантәи Зиуари Амери шааз. Сара уамашәа избеит, даара иџьасшьеит. Дыԥшӡаӡа Зиуар санынаиҿаԥш сгәы нҭыблааит. Асценаҿы схалар сҭахын, аха сыԥхашьеит, исзымгәаӷьит. Аизара анхыркәшаха, дсыԥшаан аԥсшәа иасҳәеит.  Аԥхьаҟа дарӷьажәҩангьы днаҳавагылеит. Ус ишыҟаз, иани иаби, иашьеиҵби ааит. Убас ауаҩы дизааигәан, аешьара зегьы уамашәа даҳбон", –гәыблыла игәалаиршәоит Борис Чычба.

© Foto / Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәЛеон иорден занашьоу афырхаҵа Зиуар Чычба
1/3
Леон иорден занашьоу афырхаҵа Зиуар Чычба
© Foto / Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәАишьцәа Зиуари Заури Чычаа
2/3
Аишьцәа Зиуари Заури Чычаа
© Foto / Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәАишьцәа Зиуари Заури Чычаа рнышәынҭрақәа
3/3
Аишьцәа Зиуари Заури Чычаа рнышәынҭрақәа
1/3
Леон иорден занашьоу афырхаҵа Зиуар Чычба
2/3
Аишьцәа Зиуари Заури Чычаа
3/3
Аишьцәа Зиуари Заури Чычаа рнышәынҭрақәа

Аҷандара ақыҭан инхо Константин Чычба иакәзар, игәырӷьара ҳәаак амаызт, зыӡбахә иаҳахьаз, аха лабҿаба иимбацыз Зиуар Чычба Аԥсныҟа дааит  ҳәа аниаҳа. Убри аҽныҵәҟьа дишьҭаланы Аҟәаҟа дааит, аха еиқәымшәеит. Адырҩаҽноуп ианеибабаз.

"Ари аҩыза ахҭыс шаасаҳазҵәҟьа еиԥш, Аҟәаҟа сцеит. Аха исықәымшәеит. Ауха Нальчикҟа ацара ргәы иҭазаарын дара, абилеҭқәагь аахәан ирыман. Аха, сышрышьҭаз анраҳа, рцара иахдырԥан, аҩны исзааит. Иҳалшоз ала, агәыла-азла ҳлеидтәалан, пату рықәысҵеит", – иҳәеит Константин Чичба.

Зиуар Чычба ирласны аратәи аԥсҭазаара иҽаиршьцылеит, аҩызцәа ирҳаит.

"Даара даамысҭашәан. Ихы-иҿы ианубаалон ахаҵара, агәаӷьра. Уахьихәаԥшуаз  дуаҩ ҭынчын. Амцеиԥш доуҳа ӷәӷәак ицран. Мыцхәы дцәажәомызт. Идыруан иҟаз аҭагылазаашьа зеиԥшраз. Иԥсадгьыл аҿы дахьыҟаз даара дгәырӷьон, даара пату иқәаҳҵон, ҳихӡыӡаауан", – ҳәа азгәалҭеит Гәында Сақаниаԥҳа афырхаҵа дихцәажәо.

Ԥсыуаҵасла иааӡаз, ламысла адунеи иқәыз Зиуар, згәы аартыз, зыблақәа еснагь изхаччоз, иԥхашьа-ԥхаҵо иҟаз уаҩын.  Ус, Аԥсны дахьааизгьы, аҭаацәара далалеит.

Аҷандара инхо Константин  Чычба, Зиуар ԥас дҟаиҵеит. Аҭаацәара даналала, ауаа рацәа адыԥхьаланы аԥсуа ҵасла ачара ду изиуит. Ирацәаҩын атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтә иҟаз асасцәагьы.

"Сара исеиҳәеит ҭыԥҳак дшигәаԥхаз. Даԥсыуазар, даага ҳәа иасҳәеит. Ачара аҿҳәара аҳҭеит. Аҽыҩҷкәынцәа, аҽҟазацәа сыԥшааит. Аҭаҳмадацәа рхылԥарчқәа рхаҵаны, аҭаца дзықәтәаз аҽы аҭарчеи ақәҵаны, убас илԥыланы, ашәа  ҳәо агәарԥ дрыманы иааҭалеит. Ҳгәырӷьеит, ҳахәмарит, ҳаччеит. Асасцәа даара иргәаԥхеит ирбаз, ираҳаз", – игәалаиршәоит Константин.

Ус, иҟалеит аибашьра. Издыруадаз усҟан Зиуар Чычба иԥсадгьыл аҿы игәахәтәы дахьӡомызт, иқәыԥшра аҳәаақәа дзырҭысуамызт ҳәа?

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны Зиуар бџьаршьҭыхла иԥсадгьыл ахьчара дазгылеит.

Зиуар иҩызцәа изларҳәо ала, аибашьара ианалага нахыс ҟазшьалагьы, ҭеиҭыԥшлагьы иҽыиԥсахит. Уаанӡа дшыҟаз акәымкәа гәҭынчымрак инубаалон. Гагра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз аԥшыхәратә ҽазыҟаҵарақәа дрылахәын Зиуар. Мамзышьха азааигәара ахәра ӷәӷәа иоуит. Мышқәак ааҵуаны, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵуеит, Гагра ахы ианақәиҭыртә амш аҽны.

"Ҳанаахьаԥш ҵаҟа дкажьын. Аснаипер ихымҭа ихыҵәҟьа иақәшәеит. Иԥсахәага ҭан. Иаразнак снеихаххит. Сыбжьы уаҳауама ҳәа саниазҵаа, ааи ҳәа сеиҳәеит. Дышьҭыхны амашьына дақәаҳҵеит, ахәышәтәырҭахь ддәықәаҳцеит, мышқәак иԥсы ҭан. Зиуар даԥсыуаҵәҟьан. Ахаҵара ӷәӷәа илан", – игәалаиршәоит ицеибашьуаз иҩыза Салидаҭ Инал-иԥа.

Зиуар Чычба ҽеила ибаха рмаӡакәа, ргәы ҿикааит дыздыруаз зегьы.  Иара ишьоуразы абџьар даҵагылан уи иашьа, Аиааира агара иалахәыз Заур Чычба. Аха, рыцҳарас иҟалаз, аибашьра ашьҭахь, Заур машәырла араҟа дҭахоит. Аишьцәа аҩыџьагьы Аҷандара ақыҭан, Константин Чычба игәараҭаҿы анышә иамадоуп.

"Имаакәа иҟандаз, исымбакәа сыҟандаз. Рылахь ус ианын, рыҿҳәара кьаҿын. Хылҵк дрымазар, ҳгәы амбаауаз. Ргәыбылра ааҳаркны, наӡаӡа инаҳԥырҵгәышьеит", – илаӷырӡқәа мчыла иҵәахуа, дҳацәажәон Константин.

2008 шықәсазы, Аԥснытәи аделегациа Сириа ианаҭааз, ҳара иҳақәшәеит Зиуари Заури рани раби. Урҭ ирҳәоз акакәын:

"Ҳара ҳԥа иԥсадгьыл дахаҳбаауам. Ҳгәы ҭынчуп. Дхәыҷаахыс збара даргәаҟуаз иԥсадгьыл аҿы инышәнап ҟалеит. Иаҳдыруеит Зиуари Заури рыԥсы шҭынчу, изызгәыкуаз рыԥсадгьыл ахьырбаз, уи ахьчара рхы ахьақәырҵаз. Ҳара даҽа ҩыџьа аԥацәеи аԥҳацәеи ҳамоуп. Иҟами нас зынӡа зыҩнашәқәа акыз, зԥазаҵәқәа ҭахаз? Ҳара ҳахшара, ихәыҷы аахыс ирылаҳааӡон атәым дгьыл ҳшықәынхо, аха ишҳамоу акыр ахара иҟоу Аԥсадгьыл – Аԥсны".

Иахьа Зиуари Заури рани раби нхоит дара рызхара збара иахьымӡаз рыԥсадгьыл Аԥсны ԥшӡа аҟны.

Зиуар Чычба, иԥсадгьыл аҿаԥхьа инаигӡаз ауалԥшьазы ианашьоуп Леон иорден.

© ФотоЗиуар Чычба
Зиуар Чычба - Sputnik Аҧсны
Зиуар Чычба
Ажәабжьқәа зегьы
0