"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахшара рацәа змоу аҭаацәара ирыцхрааит

© Foto / Сырма АшәԥҳаГиви Генаба иҭаацәа
Гиви Генаба иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа иаԥшьгарала, ахшара рацәа змоу аԥсуа ҭаацәарақәа рзы аус ауеит апроект "Аԥеиԥш".

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа инхо хәҩык ахшара раб, Гиви Генаба иҭаацәа, аматериалтә цхыррара рыҭоуп.  

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаԥшьԥҳаи, афонд аҟны иаԥҵоу акультуреи аҵарадырреи рыҟәша анапхгаҩы Нугзар Логәуеи, Генабаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирызнеит. 

Уаҟа иҟоуп анхараҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа: аӡы зладыршуа абақ, агазтә плита, ателевизор, ахәыҷқәа рзы ахәмаргақәа, ахаамыхаақәа уҳәа, ргәы ҟазҵаша аҳамҭақәа маҷымкәа. Гиви Генабеи  Екатерина Ҷантуриаԥҳаи рыхшара рахьтә, зегьы иреиҳабу ихыҵуеит жәшықәса, иреиҵбу ҩышықәса.

"Аԥсыуа ҭаацәарак ирыдымзаргьы, ҳфонд, урҭ рыцхырааразы ус хәыҷык азыҟаҵазар, ҳара ҳзы даара инасыԥуп. Ари аус  ԥшьа, хымԥада, аԥхьаҟагьы аҿиара амоуп. Ҳаԥсуа хәыҷқәа, ҳара ҳԥеиԥш зырлашо роуп", — ҳәа азгәеиҭеит Нугзар Логәуа, Генабаа рҭаацәа дреигәырӷьо. 

Аҭаацәа реиҳабы, хәҩык амоҭацәа ранду Емма Зыхәԥҳа,  хҩык арԥарцәа дрануп.  Аишьцәа руаӡәк, Гәрам, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дҭахеит. Иахьа, лара дрызгәыдууп изызҳауа лмоҭацәа.

"Афонд ахада Сонер Гогәуа аԥхьа днаргыланы, уи аусзуцәа зегьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит иҟашәҵаз ацхырааразы. Аҳамҭақәа ззаажәгаз ахәыҷқәагьы, раԥхьаҟа Аԥсны иаҵеицәа лашаны иҟалааит", — лҳәеит анду, лыблақәа агәыразра рхыҳәҳәало. 

 Апроект "Аԥеиԥш" мызкахь знык, ахшара рацәа змоу аԥсуа ҭаацәарақәа адгылара рынаҭоит. Урҭ ралыԥшаараҟны, заанаҵы афонд аусзуцәеи, араионқәа рхадацәеи еиқәышаҳаҭны аиҿкааратә усқәа мҩаԥыргоит. Анаҩс, иалкаау аԥҟарақәа ирықәныҟәоит.

Иазгәаҭатәуп, апроект "Аԥеиԥш" раԥхьатәи ацхыраара шырнаҭаз, Очамчыра араион, Баслахә ақыҭа инхо фҩык ахшара раб Џьон Хьиба иҭаацәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0