Борис Ҷолариа: XIX ашәышықәса иаҵанакуа ашьқаԥ еиқәҳархоит

© Sputnik / Томас ТхайцукҶолария: XIX ашәышықәса иаҵанакуа аҭауадтә шьқаԥ еиқәҳархоит
Ҷолария: XIX ашәышықәса иаҵанакуа аҭауадтә шьқаԥ еиқәҳархоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа аиҭашьақәыргыларахь ириҭеит XIX ашәышықәса иаҵанакуа ашьқаԥ.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. XIX ашәышықәса иаҵанакуа ашьқаԥ, ҭауадаа рҭаацәара Шервашиӡе-Чачба иртәу еиқәырхахоит, иҳәеит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа.

Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҟны иҵәахуп ареспублика аҭоурыхтә малқәа.

Амилаҭтә библиотека аԥхьаҩцәа рзы ашәқәа аанартит 1921 шықәсазы. Ҷолариа иажәақәа рыла ақалақьтә библиотека еиҽкаан аконфискациа зызуз ашәҟәқәеи аинвентари рыла. Убасҟан ауп Шервашиӡе-Чачба иитәыз ашьқаԥгьы абиблиотекахь ианнаргаз.

"Ҳара ҳахь ари ашьқаԥ аанагеит 1921 шықәсазы. Аха иара аҭоурых акыр еиҳауп. Ашьқаԥ Аԥсныҟа иааган Франциантәи 1860 шықәса рзы", — иҳәеит Ҷолариа.

Иара иазгәеиҭеит арҭ аамҭақәа рзы ашьқаԥ аԥсахрақәа ишрыниаз. Аԥсны аҳауа аӡлачра ахьамоу азы аҵла ҭызфаауа ахәаҷақәа рацәоуп. Убри адагьы аибашьраан иара акырынтә ақәа асхьан. Ҷолариа еиҭеиҳәеит иара директорс даныҟала инаркны абри ашьқаԥ еиқәырхашьас иаҳҭари ҳәа дшазхәыцуаз.

© Sputnik / Илона ХварцкияАҭаудтә шкаф
Княжеский шкаф Шервашидзе-Чачба XIX века. - Sputnik Аҧсны
Аҭаудтә шкаф

Ашьқаԥ злыху амҿы иара иақәшәоз арыцқьара азуны лакла ихааҩеит.

"Амилаҭтә библиотека ахыбра аремонт азураан абиблиотека афонд дәылаагеит, ашьқаԥ акәзар целлофанла ихаҳҟьеит иԥхасҭамхарц азы. Аха аиҭарҿыцра азымукәа ааныжьра ҳҭахым, иагьыҟалом. Ҳара дҳаԥшааит аиҭашьақәыргылаҩ иара убасгьы уи иус ахәԥса зшәо аспонсор", — иҳәеит Ҷолариа.

Абиблиотека аремонт анхыркәшаха аколлектив ирҭаххеит ҭауадаа ршьқаԥ аиҭарҿыцра.

Иара аиашьыкьқәа агуп, аха иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп абырқәамқәа фба. Урҭ реиҭарҿыцра инапы алакуп Аҟәатәи афизико-техникатә институт аусзуҩ. Ареставрациа ҟаиҵараны дыҟоуп Геннади Ҭҳаиҵыкә.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗамок.
1/2
Замок.
© Sputnik / Томас ТхайцукКняжеский шкаф Шервашидзе-Чачба XIX века.
2/2
Княжеский шкаф Шервашидзе-Чачба XIX века.
1/2
Замок.
2/2
Княжеский шкаф Шервашидзе-Чачба XIX века.

Ҭҳаиҵыкә иажәақәа рыла аусура нап аиркхьеит. Ҩымзҟа дадхалоит. Абарҭқәа рышьҭахь ишыҟаз аасҭа еиӷьхап ҳәа агәыӷра имоуп.

"Ашьқаԥ ахәаҷақәа иҭырфаахьеит. Уажәы арыцқьара саҿуп. Иара убасгьы иҟоуп иацәыӡхьоу ахәҭақәа. Иара абруҵәқәа ԥшьба рыла еибаркуп. Зегь еиҭашьақәсыргылоит. Сгәы иаанагоит ишыҟаз аасҭагьы еиӷьхап ҳәа", — иҳәоит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭоит акраамҭа аусура анапалакра шизымгәаӷьуаз.

"Акраамҭа схәыцуан исылшару исылымшару ҳәа. Иара ақәра ду амоуп. Аусгьы аҭакԥхықәра ду зҵоу акоуп", — иҳәеит Ҭҳаиҵыкә.

Иара убасгьы иациҵеит ашьқаԥ аизгашьа ҳаамҭазтәи ашьқаԥқәа реизгашьа ишеиԥшым. Аҟаза иусутә данахәаԥш иҳәеит иахьазы асеиԥш ишеизырымго.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭауад шькаԥ 19 ашәышықәса иаҵанакуа
Княжеский шкаф Шервашидзе-Чачба XIX века. - Sputnik Аҧсны
Аҭауад шькаԥ 19 ашәышықәса иаҵанакуа

Аиҭашьақәыргылаҩ импыҵашәаз ашьқаԥ абиблиотека аусзуҩцәа зегьы рзы аинтерес аҵаны иҟоуп. Ари даара хәызмоу артефактуп иҳәеит абиблиотека адиректор Ҷолариа.

Ажәабжьқәа зегьы
0