Мураҭ Иаган игәалашәаратә хәылҧазы Аҟәа имҩаҧысит

© Sputnik Бадраҟ АҩзбаМураҭ Иаган диижьҭеи шәышықәса аҵра иазку ахәылҧаз
Мураҭ Иаган диижьҭеи шәышықәса аҵра иазку ахәылҧаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афилософ, аҵарауаҩ, аҧсуаа ирхылҵышьҭроу Мураҭ Иаган диижьҭеи шәышықәса аҵра иазку ахәылҧаз мҩаҧысит.

АҞӘА, ҧхынҷкәын 24 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мураҭ Иаган диижьҭеи шәышықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз мҩаҧысит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны аҧшьаша, ҧхынҷкәын 24 рзы.

Агәалашәаратә хәылҧазы рҽаладырхәит Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәа, аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

"Мураҭ Иаган дызнысыз амҩа, уи идунеихәаҧшра, ихәыцшьа, игәеицҳафырра, иаамысҭашәара, иныҟәашәа, илафҳәашьа, џьашьахәыс иукыша ҷыдала иҭуҵааша акоуп. Аҵарауаҩ, адипломат Виачеслав Чрыгба абри ауаҩ дыҧшааны, диҿцәажәаны агазеҭ аҟны иананиҵа инаркны, лабҿаба дызбандаз, ҳәа иҟаз среиуан саргьы", — иҳәеит апоет, Аҧсны ахда иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.

Аҵарауаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Мураҭ Иаган ирацәаны аус ицзухьаз Виачеслав Чрыгба инаҵшьны иазгәеиҭеит Иаган ихаҭара акыр ишдууз, уи аҧсуааи Кавказ ажәларқәеи реидкылара аус акыр дшазааҧсахьаз.

Мураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Кавказ шьханхыҵынтә иааз: аҵарауаҩ Мураҭ Иаган (Маан) 105 шықәса ихыҵра иазкны

Ахәылҧаз аҟны Аҧснытәи адраматә театр актиорцәа ирыҧхьон Мураҭ Иаган иҧсадгьыл иазкны ииҩуаз агәалашәарақәа, уи ҧхьаҟатәи аҧеиҧш аҿиаразы игәҭахәыцрақәа. Иқәгыланы ицәажәоз зегьы иазгәарҭон Мураҭ Иаган ихаҭара Аҧсны аҭоурых аҿы акыр шаҵанакуа, уи дахьынхоз Канадатәи ақалақь Вернон еиҿикааз "Аамысҭа қьабз" захьӡу ахеилак аофис аус ду шымҩаҧнагоз.  

Уи иҧсадгьы дшацәыхаразгьы аҧсуа иҵас иқьабз аиқәырхара, егьырҭ ажәларқәа ирдырыртә аҟаҵара дшашьҭаз азгәарҭеит аиҧылараҿы.

Мураҭ Иаган диижьҭеи шәышықәса аҵра иазкыз ахәылҧаз хыркәшахеит арежиссиор Амра Начҟьебиа иазлырхиаз афильм арбарала.

Афилософ, аҵарауаҩ, Канада инхоз Мураҭ Иаган диит Аԥсны Ашьхара ҳәа захьӡыз аҭыԥ аҿы, ԥхынҷкәын 16, 1915 шықәсазы.

Уи дышхәыҷыз XIX-тәи ашәышықәсазы иҟалаз аҧсуа жәлар рыхҵәара иҭаацәарагьы аланакит. Ҭырқәтәыла ихҵәаны ианца ашьҭахь, урҭ ауадаҩрақәа маҷымкәа ирхыргеит. Урҭ ауадаҩрақәа риааира илшеит Мураҭ Иаган (Маан) иаб.

Ажәабжьқәа зегьы
0