Урыстәыла иалагалахо акцизқәа Аԥснытәи ахәқәа ирныруеит

© Sputnik Томас ТхайцукАдәқьан.
Адәқьан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата асертификациа аусбарҭа аиҳабы Лана Киутԥҳа иаҳзеиҭаҳәеит Урыстәыла "ихырҳагам афатә" (ачипсқәа, агаз змоу арыжәтәқәа, апальматә хәша, ашьақар) азы акцизқәа рылагалара шагәҭаку.

АҞӘА, жәабран 16 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата асертификациа аусбарҭа аиҳабы Лана Киутԥҳа иаҳзеиҭаҳәеит Урыстәыла «ихырҳагам афатә» (ачипсқәа, агаз змоу арыжәтәқәа, апальматә хәша, ашьақар) азы акцизқәа рылагалара шагәҭаку. Урыстәыла изцыло акцизқәа Аԥснытәи ахәқәа ирныруеит лҳәеит Киутԥҳа.

"Аԥснытәи атауар еиҳарак иахьынтәаагоу Урыстәылантәиуп. Арҭ атауарқәа акцизқәа рықәҵара ҳәарада ахәқәа ирныруеит", — лҳәеит лара.

Акцизқәа ралагалара зыбӷа иқәло аахәаҩ иакәхоит, анаплакҩы ифеида акәзар, уи итауар аархәоу иаарымхәоу иахьырԥшхоит. Иалшоит аахәаҩ еиҳа ихәарҭоу ак ааихәар еиӷьеишьар. Иара абри ауп иззырхо ирыдыркылараны иҟоу азакәан апроектгьы ҳәа азылыԥхьаӡоит аусбарҭа аиҳабы.

"Аԥсны ааглыхра зынӡаск аус ауам. Абри акатегориа иаҵанакуа аалыҵгьы ҭҳажьуам. Убри инадҳәаланы Аԥснытәи аҭагылазаашьаҟны акцизқәа рылагалара иашам. Аԥсны иҭрыжьуа агаз злоу арыжәтәқәа ракәзар, ҳаззыԥшу аҭагылазаашьаҟны аҭыԥантәи анаплакыҩцәа рҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхоит, урҭ раалыҵ урыстәылатәи иандаҭло иҟалоит", — лҳәеит лара.

Урыстәыла аиҳабыра "ихырҳагам афатә" (ачипсқәа, агаз змоу арыжәтәқәа, апальматә хәша, ашьақар мамзаргьы ашьақари ахәшеи иҳаракны излоу афатәқәеи) ҳәа иршьо атауарқәа рзы акцизқәа ралагалара рыгәҭакуп. Акцизқәа ралагалара аҳәынҭқарра аказна ханарҭәаауеит, уи адагьы хра злам афатә ахархәара ԥнарҟәҟәаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0