Ахәыҷтәы сахьақәа рцәыргақәҵа аартуп Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАхәыҷтәы сахьақәа рцәыргақәҵа аартуп Гагра
Ахәыҷтәы сахьақәа рцәыргақәҵа аартуп Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәамш ирылагӡаны, Гагратәи акультура аҩнаҟны иаартызаауеит, ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.

ГАГРА, лаҵара 17 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәҩы Галина Аҭеиба лнапхгарала, сынтәа ари астудиа аус ауеижьҭеи иҵит 15 шықәса. Ари аамҭа иалагӡаны, астудиа иоунажьхьеит 30-ҩык асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа.

"Иахьа Гагра араион алаҽхәартә иҟоуп еиҵагыло, аҟазара злоу аҿар. Ҳара ҳастудиа аушьҭымҭацәа аӡәырҩы, архитекторцәеи адизаинерцәеи ракәхеит. Лыӡбахә сымҳәарц залшом, ҳазхыҽхәаауа аҭыԥҳа Алина Берзениа. Лара иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус луоит.

"Уажәазы асахьаҭыхратә студиахь иныҟәоит 20-ҩык ахәыҷқәа. Ҳара ес-ԥшьышықәса иоуҳажьуеит зыгәра угаша, узықәгәыӷша аҿар. Сгәы иаанагоит, даргьы раԥхьаҟа, асахьаҭыхреи аҿыханҵеи ирымадоу азанааҭқәа алырхып ҳәа", — азгәалҭеит асахьаҭыхратә студиа аиҳабы Галина Аҭеиба.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи акультура аҩнаҟны иаартызаауеит, ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа
Гагратәи акультура аҩнаҟны иаартызаауеит, ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
Гагратәи акультура аҩнаҟны иаартызаауеит, ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа

Ацәыргақәҵаҟны иӡыргоуп 100 инареиҳаны асахьақәа. Араҟа иуԥылоит анатиурмортқәа, апатреҭқәа, акомпозициақәа, аҿыханҵа, ахҭҳәаатә сахьақәа, аҵаратә сахьақәа, Аԥсны ашәаԥыџьаԥи, аҵасқәеи, аԥсуаа ажәытәтәи рыбзазареи, Нарҭаа репоси, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьреи, амҳаџьырреи, алегендақәеи зныԥшуа атемақәа.

Ааигәа 14-ҩык асахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа алахәын, Адлер имҩаԥысуаз ахәбатәи жәларбжьаратәи Арт-фестиваль. Араҟа ицәырган Гагратәи ахәыҷқәа русумҭақәа 24. Хҩык асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа афестиваль иалауреатхеит. Урҭ иреиуоуп Арианна Агрба, Милена Чхьебелиа, Амина Тулашвили.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи акультура аҩнаҟны иаартызаауеит, ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа
Гагратәи акультура аҩнаҟны иаартызаауеит, ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
Гагратәи акультура аҩнаҟны иаартызаауеит, ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа

Егьырҭ алахәцәа алкаан арҽхәабӷьыцқәа рыла.

"Сара актәи акласс ахь сшьаҿа анеихызга инаркны, асахьаҭыхрахь аинтерес сызцәырҵит. Иахьа уажәраанӡагьы, гәахәарыла уи снапы алакыуп. Сҩызцәа зегьы рыхьӡала, ҳарҵаҩы Галина Гавриил-иԥҳа Аҭеиба иҭабуп ҳәа ласҳәоит дахьҳзааԥсо", — иҳәеит асахьаҭыхратә студиа аҵаҩы Саид Ҳагәышь.

Ахәыҷқәа русумҭақәа ирыхәаԥшырц акультура аҩнахьы имҩахыҵит аҵареи акультуреи аҟәшақәа русзуҩцәа, ашколқәа рдиректорцәа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа, аҭаацәа.

"Даара агәахәара ду ҳнаҭеит, абас еиԥш агьама бзиа аманы еиҿкаау ахәыҷқәа рсахьақәа рцәыргақәҵа. Ирзааԥсо арҵаҩи дареи ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьасшьоит", — лҳәеит аҵара аҟәша аспециалист хада Валентина Гыцба.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи акультура аҩнаҟны иаартызаауеит, ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа
Гагратәи акультура аҩнаҟны иаартызаауеит, ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
Гагратәи акультура аҩнаҟны иаартызаауеит, ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа ааӡамҭацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа

Гагратәи асахьаҭыхратә студиа, ацәыргақәҵа аиҿкаараҿы ацхыраара рырҭеит акультура аҟәша аусзуҩцәа.

"Гәык-ԥсыкала асахьаҭыхыҩ Галина Аҭеибеи лааӡамҭацәеи ирыдысныҳәалоит иахьатәи ацәыргақәҵа аартра. Галина Гавриил-иԥҳа еиҵалааӡахьеит аҟазара злоу абиԥара. Иҭабуп ҳәа лаҳәо, лҵаҩцәеи лареи ирзеиӷьасшьоит еиҳау аҩаӡарахь инеирц. Арҵаҩ ду лааӡамҭацәа, Аԥсны ахьӡ ҭызго асахьаҭыхыҩцәа ракәны иазгылааит", — ҳәа азеиӷьашьарақәа ҟалҵеит Гагратәи акультура аҩны аиҳабы Мадина Бганба.

Ацәыргақәаҵа аартызаауеит жәамш инеиԥынкыланы. Арахь имҩахыҵырц рылшоит агәаҳәара змоу зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0