Ахәыҷқәа рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥган "Аҧсуа лакә ахәылҧаз"

© Sputnik Рада АжьипҳаАхәыҷқәа рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥган "Аҧсуа лакә ахәылҧаз"
Ахәыҷқәа рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥган  Аҧсуа лакә ахәылҧаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аҧсуа лакә ахәылҧаз" мҩаԥган Баграт Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҟны Аҟәа, рашәарамза 20 аҽны.

АҞӘА, рашәарамза 20- Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҟны раԥхьаӡа акәны имҩаԥган "Аҧсуа лакә ахәылҧаз". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны апоет Гәында Сақаниаԥҳа ллакәқәа ахәыҷқәа дырзаԥхьеит.

"Иахьа ахәыҷкәеи сареи алакә аамҭа ҳамоуп, алакә адунеи ахь ҳамҩахыҵуеит, даргьы аинтерес рзаҵалап ҳәа сгәыӷуеит, избанзар алакәқәа рыҟны еснагь иҟоуп аџьашьахәы. Ҳаргьы иахьатәи ҳахәылԥыз иалагӡаны урҭ аџьашьахәқәа ҳрылахәхарц ҳҽазаҳшәоит. Аԥсуа лакәқәа ргьама ахәыҷқәа ирбарцаз, иҵегь ирзааигәахарцаз абас еиԥш иҟоу ахәылԥызқәа адгылара аҭатәуп", — ҳәа лҳәеит Гәында Сақаниаԥҳа.

Гәында Сақаниаԥҳа лажәақәа рыла, ахәыҷқәа аус рыцура лара лзы насыԥуп.

"Сызԥхьо алакәқәа "Алабашьа сысра ишцаз", "Цәырҟьа-цәырас", "Адауы дышҷынҷахаз, аҷынҷа шдухаз" роуп, дара еиҳа згәынкылара мариоу,  имаҷу лакәқәоуп", — ҳәа ацылҵеит лара.

Апоет Гәында Сақаниаԥҳа алакәқәа данрыԥхьа ашьҭахь еизаз ахәыҷқәа игәныркылаз, еилыркааз ала алакәқәа рыҟны иалыркааз афырхацәа рхаҽсахьақәа ҭырхит.

Cақаниаԥҳа: ажәеинраалақәа ирымоуп рхатәы магиа

"Аҧсуа лакә ахәылҧаз" акциа еиҿыркааит ауаажәларра-гәыҳалалратә еиҿкаара "Кьарази" "Ашәҟәы аҧхьара бзиа избо — Аҧсны" агәыҧ алахәыҩцәеи.

"Ҳара иаҳҭахын ахәыҷқәа рзын еиҿаҳкаарц аинтерес рызцәыразгаша аҵарааӡареи, акультуреи, аԥсуареи, ашәҟәы аԥхьарахь агәыбылра дыркреи ирыдҳәалоу проектк. Убас иит ари "Аҧсуа лакә рыхәылҧаз", ааԥхьарагьы лаҳҭеит Гәында Сақаниаԥҳа. Агәахәара роут ҳәа ҳгәы иаанагоит иахьатәи ахәылԥаз иалахәыз ахәыҷқәа, избан акәзар аԥсуа лакәқәа даҽа акы иаламҩашьо иҟоуп. Раԥхьаӡа акәны имҩаԥаагеит Аҟәа, анаҩс адгалара аиур егьырҭ араионқәеи ақыҭақәеи ирызцоит "Аҧсуа лакә рыхәылҧаз", — ҳәа лҳәеит аиҿкааҩцәа рхаҭарнак Лана Басариаԥҳа.

"Аҧсуа лакә рыхәылҧаз" акциа раԥхьаӡа акәны имҩаԥгоуп, аиԥш зеиԥшу апроект иахьа уажәраанӡа имҩаԥгамызт.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0