Аԥснытәи адомино асцәа адунеитә чемпионат иалахәхоит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАдомино. Адунеи ачемпионат.
Адомино. Адунеи ачемпионат. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 20 рзы аштат Флорида, ақалақь Орландо ихацыркхоит адомино азы адунеи ачемпионат.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Адомино азы Аԥсны еизго акоманда неиит ԥхынгәы 20 рзы аштат Флорида, ақалақь Орландо ихацыркхо адомино азы адунеи ачемпионат ахь. Абри атәы ҳкорреспондент изааицҳаит адомино азы Аԥсны Афедерациа аиҳабы Беслан Ҵнариа.

"Аԥснытәи акоманда жәҩыуаак алахәуп. Ачемпионат мҩаԥысуеит аштат Флорида, ақалақь Орландо. Атурнир алахәылацәа ҳкоманда даара ибзианы ирыдыркылеит", — иҳәеит адомино азы Аԥсны Афедерациа аиҳабы Беслан Ҵнариа.

Аԥсны Афедерациа аиҳабы иазгәеиҭеит ачемпионат ԥхынгәы 20 рзы ишхацыркхо. Атурнир алагамҭаз амилаҭтә командақәа имҩаԥыргоит аҽазыҟаҵарақәа, аҽазыҟаҵарақәа рыбжьара аамҭа аныҟоу ақалақь аҭыԥ ԥшӡарақәа ддырбоит, аекскурсиақәа рзеиҿыркаауеит.

"Ҳкомандаҿ иҟоуп апрофессионалцәа реиԥш аҿаргьы. Аԥснытәи акоманда азыхиоуп алҵшәа бзиақәа раарԥшразы ирылшо зегьы аҟаҵара. Ҳақәгәыӷуеит ҳазгәыбылыҩцәа рыдгылара ӷәӷәа ҳауп ҳәа. Уи ҳара ҳзы акраҵанакуеит",- иҳәеит Ҵнариа.

Ԥхынгәы 19 рзы имҩаԥысит адомино азы Жәларбжьаратәи афедерациа ассамблеиа. Иараҟны ирыдкылан аицлабрақәа рымҩаԥгаразы иахьа рхы иадырхәо арегламент аԥсахрақәа. Ԥхынгәы 20 рзы ачемпионат аартра ацеремониа мҩаԥгахоит, аицлабрақәагьы хацыркхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0