Ахәмарра зцәыӡу ахәыҷра

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа хҩык: Анела Лакашьиа, Баграт Джобава, Аслана Џьинџьолиа
Ашана зхылаԥшуа ахәыҷқәа хҩык: Анела Лакашьиа, Баграт Джобава, Аслана Џьинџьолиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа хҩык: Анела Лакашьиа, Баграт Джобава, Аслана Џьинџьолиа Москва ахәышәтәра иахысны иааит. Ахәыҷқәа ирыдыркылаз ахәышәтәра рныԥшыртә иҟоуп, лҳәеит афонд аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа хҩык: Анела Лакашьиа, Баграт Джобава, Аслана Џьинџьолиа Москва ахәышәтәра иахысны иааит. Ахәыҷқәа ирыдыркылаз ахәышәтәра рныԥшыртә иҟоуп, лҳәеит афонд аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Ахәышәтәра алҵшәақәа уаҩ ддыргәырӷьартә иҟоуп. Уаанӡеи уажәи рҭагылазаашьақәа еидкылан уахәаԥшуазар, угәы еизымҳар алшом, избанзар иубоит ҳазегьы ҳаидгылара алҵшәақәа шаанагаз", — лҳәоит афонд аусзуҩы.

Анела Лакашьиа илзыруз аоперациа ашьҭахь ашьақәгылара даҿуп. Анела лаԥхьаҟа илзыԥшуп аҽа операциакгьы.

Аҽа шықәсқәак рышьҭахь иҟарҵараны иҟоуп 2-3 операциа.

"Анела аспорт бзиа илбоит: аԥқьаҭасра, анапылампыл, амҵәышәмпыл. Иара убасгьы даара бзиа илбоит акәашара. Илҭахуп дхирургхар", — лҳәоит Анела лан.

© Sputnik / Томас ТхайцукРебенок АШАНА - Анела Лакашия
Ребенок АШАНА - Анела Лакашия - Sputnik Аҧсны
Ребенок АШАНА - Анела Лакашия

Быжьшықәса зхыҵуа Баграт Джобава аҽыхәышәтәра аԥшьбатәи акурс дахысхьеит. Аҷкәын аԥсмаҷхара имоуп. Аҵыхәтәантәи аоперациа мҩаԥган нанҳәамзазы.

© Sputnik / Томас ТхайцукПодопечный фонда "Ашана" Баграт Джобава
Подопечный фонда Ашана Баграт Джобава - Sputnik Аҧсны
Подопечный фонда "Ашана" Баграт Джобава

"Аҳақьым иҳәеит Баграт ианализқәа зегьы бзиоуп ҳәа. Ахәбатәи аоперациазы Москваҟа ҳцараны ҳаҟоуп жәабранмзазы", — лҳәоит Баграт иан.

Московатәи аклиника "Global Medical System" аҟны жәафтәи акурс дахысит Аслана Џьинџьолиа. Аслана лчымазара шамахамзар иуԥылом. Иахьазы Аԥсны имҩаԥысуеит аԥареизгара Аслана Хорватиатәи аклиникаҟны лыхәышәтәразы.

© Sputnik / Томас ТхайцукПодопечная фонда "Ашана" Аслана Джинджолия
Подопечная фонда Ашана Аслана Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Подопечная фонда "Ашана" Аслана Джинджолия

Еизгоуп 645 046 мааҭ. Еизгатәны иҟоуп аҽа 1 854 954 мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0