Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рдыррақәа ԥыршәеит

CC0 / / Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рдыррақәа ԥыршәеит
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рдыррақәа ԥыршәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҭоурыхи 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҭоурыхи рдырраз агәаҭарақәа рхы рыладырхәит Аԥснытәи ашколхәыҷқәагьы.

АҞӘА, абҵара 27 ноя — Sputnik. Рада Ажьиԥҳа.  Апроект  "Каждый день горжусь Россией" аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думаҿ иҟоу Аҿартә парламент, Аԥсны иҟоу Россотрудничество, Аҟәа иҟоу "Москва аҩны" аԥснытәи ашколхәыҷқәа рыҩныҵҟа еицымҩаԥыргеит Урыстәыла аҭоурыхи 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҭоурыхи рдырраз агәаҭарақәа.

"Ҳара иахьа имҩаԥаагеит аԥснытәи ашколхәыҷқәа рыҩныҵҟа Урыстәыла аҭоурыхи 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҭоурыхи рдырраз агәаҭарақәа, атестқәа. Атестмҩаԥгара ҟарҵоит 2015 шықәса раахыс. Иара мҩаԥыргоит аҭоурых аганахьала адыррақәа реилкааразы, Урыстәыла ауаажәлари аџьынџьтәылауааи раӡәкра аҵакы аарԥшразы. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рыҩныҵҟа асеиԥш агәаҭарақәа мҩаԥгоуп раԥхьаӡа акәны", — иҳәеит Россотрудничество аусзуҩы  Дмитри Кононов.

Кононов иазгәеиҭеит апроект хықәкны иамоу апатриотизм ахәыҷқәа рылааӡароуп ҳәа.

"Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны  имҩаԥган атестқәа ҩба. Иааидкыланы дара ирылахәын 33 тәыла рҟынтәи 320 000-ҩык. Иахьа аҳара алҵшәа бзиақәа ҳарзыԥшуп. Иреиҳау абаллқәа зауа хҩык ахәыҷқәа аԥхьахә аҳасабала аҵара-рккаратә ныҟәара ранашьахоит аҭоурых ҭыԥқәа рахь. Атест шьақәгылан 40 дҵа рыла, аамҭала 882 шықәса инаркны иахьанӡа аҵанакуан", — иҳәеит иара.

"Азҵаарақәа уадаҩӡамызт ашколтә программа бзианы издыруа рзы. Сара 40 зҵаара рҟынтәи 12 рҭак ҟасҵеит, избанзар урҭ рҟынтәи ирацәаны ашкол аҿы сахымсӡацызт. Уи еиҳагьы ихәарҭоуп, ушьҭа иҵегьы сазыҳаҵ-ҳаҵаны аҵара сҵалоит", — лҳәеит Аҟәатәи ашколқәа руак аҵаҩы Лиана Зетлиан.

Гагратәи ашкол аҵаҩы Давид Гәбаз игәаанагарала атестқәа рымҩаԥгара удыррақәа аанарԥшуеит.

"Аҭоурых аинтерес зҵоу наукоуп. Атестқәа уанырхысуа ибзианы иубарҭоуп иугу-иубзоу. Иреиӷьу рахь саламшәаргьы агәахәара ду сымоуп  агәаҭарақәа сҽахьрыласырхәыз» — иҳәеит иара.
Апроект алахәылацәа  алкаақәа ртәы еилыркаар алшоит Россотрудничество аофициалтә саит аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0