Гәарамиа: Аԥсны аҵара асистема асоветаамҭатә адипрессиа иалҵуеит

© SputnikДмитрий Гварамия
Дмитрий Гварамия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 17 рзы Аҟәа иаатыз, раԥхьатәи "Аԥсны аҵаратә салон", аусура хнаркәшеит. Асалон аусура аҩымш аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит 80 инарзынаԥшуа усмҩаԥгатә.

АҞӘА, абҵара 25  – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Раԥхьатәи "Аԥсны аҵаратә салон"  Аԥсны азы асоветаамҭатә дипрессиа аҟынтә иахьатәи аамҭахь аиасра иаетапуп иҳәеит АИА "Аԥсныпресс" аҟны имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны Аԥсны Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа.

"Раԥхьатәи аҵаратә салон аартра ареспублика зегьы азы хҭыс дуны иҟалеит.  Асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа уаанӡа  имҩаԥаҳамгацызт. Иахьазы  Аԥсны аҵара асистема зегьы аҽа ҩаӡарак ахь аиасроуп иаанаго иара. Ҳазлацәажәогьы аҿиароуп", — иҳәеит Гәарамиа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ  иажәақәа рыла раԥхьатәи аҵаратә салон Аԥсны аҵаратә система аҿаԥхьа иқәгылоу апроблемақәа иахьрылацәажәо жәларбжьаратә ҭыԥны иҟалеит.

"Аԥсны аҵаратә система аҿаԥхьа иқәгылоу апроблемақәеи аусдҵақәеи иахьатәи аамҭазы имаҷым. Убри инадҳәаланы  аҵара аминистрра иаус хаданы иҟоу арҭ апроблемақәа рыӡбразы ҳаамҭатәи азнеишьақәа рхархәароуп.

Раԥхьатәи "Аԥсны аҵаратә салон" уаанӡатәи апроблемақәа рыӡбареиԥш иахьазы аҵара ахаҭабзиара аиӷьтәреи уи аӡбразы аметодқәа аус рыдулареи ахьымҩаԥырго акәны иҟалеит", — иҳәеит иара.

Гәарамиа иазгәеиҭеит аҵара асистема аусзуҩцәа зегьы активла рхы шаладырхәыз раԥхьатәи "Аԥсны аҵаратә салон" аусура.

"Аҵаратә салон аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥаагоз аусутәқәа зегьы раан аншлаг ыҟан. Асалон ҩымш имҩаԥысуан. Убри аамҭазы 80 инарзынаԥшуа усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Абрахь иалан раԥхьатәи аҵаратә конференциагьы. Раԥхьатәи амш аҽны имҩаԥысит ареспубликақәа рҟынтәи Аԥсныҟа иааз Аҵара аминистрцәа злахәыз апленартә еилатәара. Урҭ иаҳзеиҭарҳәеит дара ртәылақәа рҟны аҵаратә система иамоу апроблемақәа ртәы. Рԥышәагь ҳамардеит", — иҳәеит Гәарамиа.

Аҵаратә салон аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убасгьы имҩаԥган  адискуссиатә клубқәа, ацәыргақәҵақәа.

"Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит еиуеиԥшым атематикақәа рыла адискуссиатә клубқәа, аԥсуа бызшәа аҿиара иазкызгьы абрахь иналаҵаны. ААУ аҟны иалацәажәан аҵаратә усҳәарҭақәа  аҳатә еинырра роура атәы. Аилацәажәарақәа  ирылахәын аекспертцәа. Урҭ рҟынтәи ҳара иҳаҳаит аинтерес зҵоу акыр ажәалагала. Агәаанагарақәа реимдарақәа, адискуссиақәа  иалдыршоит аҵара анапхгаратә органқәа зегьы ааидкыланы рдыррақәа реизырҳара", — иҳәеит Гәарамиа.

"Аԥсны аҵаратә салон" аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыхәаԥшын еиуеиԥшым аҵаратә еиҿкаарақәа  русеицура азҵаарақәа.

Афорум рҽаладырхәырц Аԥсныҟа иааит Урыстәыла, Приднестровие, Донецктәи жәлар рреспублика, Лугансктәи жәлар рреспублика, Аахыҵ Уаԥстәыла рҵаратә усҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0