Оҭар Хәынҵариа 60-шықәса ихыҵра иазкны имҩаԥган агәалашәаратә хәылԥазы

© Sputnik / Томас ТхайцукОҭар Хәынҵариа 60-шықәса ихыҵра иазкны имҩаԥган агәалашәаратә хәылԥазы
Оҭар Хәынҵариа 60-шықәса ихыҵра иазкны имҩаԥган агәалашәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа диижьҭеи 60 шықәса аҵра иазкны Аҟәа имҩаԥган агәалашәаратә хәылԥазы, уи ахәылԥаз мҩаԥыргеит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа аусзуҩцәа. Оҭар Хәынҵариа иԥсҭазаара далҵит жьырныҳәа 15 аҽны 2016 шықәсазы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа 60-шықәса ихыҵра иазкны агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит артист иҩызцәа Аҳәынҭқарратә филармониаҟны. Аконцертә ахь имҩахыҵит Оҭар Хәынҵариа иҭаацәа, иҩызцәа, иҵаҩцәа, иара иҟазара пату ақәызҵоз зегьы.

Людмила Гумба. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лиудмила Гәымԥҳа: Оҭар Хәынҵариа аус ицура мариан, сыгәра игон

Аконцерт амҩаԥгара аԥшьгаҩ Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа илҳәеит Оҭар Хәынҵариа ишьаҭа ду аԥсуа культураҿы ишаанижьыз атәы.

"Оҭар Гьаргь-иԥа Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭаҿы инеиԥынкыланы акыр шықәса аус иуан. Иара идирҵон ажәытәӡатәи аԥсуа музикатә рҳәага аҿырпын арҳәашьа. Анаҩс, иара еиҿикааит аҿырпын арҳәаҩцәа ргәыԥ,  иара убас аԥсуа жәлар рмузикатә рҳәагатә инструментқәа рыла ишьақәгылаз аоркестр", – лҳәеит Аҩӡԥҳа.

Аҵараиурҭа аиҳабы излалҳәо ала, акомпозитор зегь раҵкьыс игәы иҵхоз аԥсуа музикатә рҳәагақәа рыхьчара, реиқәырхара акәын.

"Иара ибзоураны ҿыц аԥсҭазаара роуит жәлар ринструментқәа: аҿырпын, абыкь, асаркьал, еиуеиԥшым аинҟьагақәа. Иара иҭахын ҳажәлар ирдыруазар  ҳара ҳмилаҭтә инструментқәа егьырҭ ажәларқәа ринструментқәа ишрыламҩашьо. Ииааӡоз аҿар амузикатә гьама бзиа рылаиааӡон, ган рацәала рыҩныҵҟатә дунеи аизырҳара иҽазишәон. Иаԥиҵаз аоркестр аԥеиԥш бзиа аиуны, анаҩс иҳәынҭқарратә оркестырны иҟалар иҭахын",- ҳәа азгәалҭеит лара.

Акомпозитор игәалашәара иазкыз Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥгаз  агәалашәаратә концерт иалахәын Аԥсны еицырдыруа аестрадатә шәаҳәаҩцәа, урҭ инарыгӡеит акомпозитор иашәақәа, иқәгылеит иара иааԥсара рацәаны изду аколлективқәа. Еизаз зегьы идырбан Оҭар Хәынҵариа ирҿиаратә мҩа атәы зҳәоз анҵамҭа.

Акомпозитор ирҿиара дахцәажәо, уи иамаз, акы иаламҩашьоз аҟазшьа дазааҭгылеит Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.

"Ҳара дҳаҧхеит абаҩхатәра ду злаз акомпозитор. Иара ажәытә аҧсуа шәақәа рхыҵхырҭақәеи, урҭ ирымаз ацәаҩа ҷыдеи здыруаз, уи зеиҕьыҟам ала зырҿиамҭақәа ирныҧшуаз дыруаӡәкын. Уи ажәлар рырҿиамҭақәа ҟазарыла аус адулареи, амузикатә фольклори ҳаамҭазтәи амузикеи ирыбжьоу акца аҧшаареи илшон. Акы иаламҩашьо абаҩхатәра ду злаз, зҟазара аҩаӡара ҳаракыз уаҩын", – ҳәа азгәеиҭеит Занҭариа.

Акомпозитор иаԥиҵеит 150 ашәа инареиҳаны, дара Аԥсны еицырдыруа ирылаҵәахьеит.  Иаҳҳәап аибашьра аан ииз "Аҳаҳаи Амарџьа", аҿар ргимн "Иҭбаауп адунеи", "Аҷандара", "Ашәҭқәа ирылоу аҭыԥҳа". Оҭар Хәынҵариа Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан ажәлар ргәы шьҭызхуаз имаҷымкәа афырхаҵаратә ашәақәа аԥиҵахьан. Аԥсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа иналыгӡо ашәақәа ирылоуп Оҭар Хәынҵариа иаԥҵамҭақәагьы.

"Зыԥсҭазаара зегьы лымкаала аԥсуа жәлар рмузика, хаҭала аԥсуа жәлар ринструментқәа ҿыц аԥсҭазаара рхаҵара иазызкыз Аԥсны жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа игәалашәара ҳацуп иҩызцәа зегьы. Иҟамзаара ҳныԥшуеит, ихьааҳгоит. Иашәақәа сыдыигалон зны- зынла, иареи сареи ҳанеиқәшымҳаҭхозгьы ыҟан, аха ииашоу авариант ҳазааиуан, сыгәра игон азы, бгәы ишаҭахыу иҟаҵы ҳәа сеиҳәон. Аус ицура мариан уамакала", — ҳәа лҳәеит Лиудмила Гәымԥҳа.

Оҭар Хәынҵариа Гагра араион аҟны еиҿкааны иман аестрадатә гәыԥ "Бырфын", ахәыҷтәы музыкатә театр "Мамзышьха". Арҭ аколлективқәа изныкымкәа ҳмилаҭ культура ӡырыргахьан аҳәаанхыҵ.

"Оҭар Хәынҵариеи сареи ҳаибадырит Москва амузыкатә ҵараиурҭаҟны. Хымԥада иаразнак аиҩызара ҳабжьалеит. Уи аамҭазы сашьеиҵбы дсыԥхеит, Оҭар сҭаацәа данырба даараӡа диеиԥшныршьылеит, сыуацәеи сҭынхацәеи еишьцәас шәеибаҟаҵароуп рҳәеит. Уи нахыс иареи сареи еснагь ҳаицын. Сара сыҩны Маиҟәаԥ Оҭар изы ауаҭах алхны иҟан, убасцәҟьа сара сзы иара иҩнаҭаҿгьы. Ҳаҩыџьегьы ҳус ак акәын, адыгеи аԥсуа жәларқәеи ркультура аихаҳара. Сара изныкымкәа Ҟарачы-Черқьессктәи акәашаратә коллективқәа сыманы Аԥсныҟа саахьан, убас Оҭар днеихьан ҳара ҳахь. Оҭар Хәынҵариа напхгара зиҭоз ансамбльқәа рхы рыладырхәон Ҟарачы-Черқьесск имҩаԥысуаз аҟазаратә конкурсқәа. Иааӡамҭацәа ианакәзаалак ирыԥсахон "Гран-При", — ажәахә ҟаҵо игәалаиршәеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Амерби Кулов.

Оҭар Хәынҵариа диит ԥхынҷкәын 1 1956 шықәсазы Гагра араион Лӡаа ақыҭан. Москватәи акультуратә институт даналга ашьҭахь Оҭар Хәынҵариа еиҿикаауан араионқәеи ақыҭақәеи рҿы амузикатә коллективқәа, урҭ Аԥсны анҭыҵ, жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы, изныкымкәагьы аиааирақәа ргахьан. Аԥсуа культураҿы еицакра зқәым илагалазы, Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ианашьан.

Оҭар Хәынҵариа ачымазара бааԥсы иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит жьырныҳәа 15 аҽны 2016 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0