Ирина Папԥҳа: ианвартәи ажәылараан иҭархаз аибашьцәа хашҭра рықәым

© Фото : Марина БарцицАгәымшәараз амедал занашьоу Ирина Папԥҳа.
Агәымшәараз амедал занашьоу Ирина Папԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса ианвар хәба рзы Гәымсҭатәи афронт ала аҧсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахы ақәиҭтәра. Аҧсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лыҵшәадахеит, аиҭныҧсахрақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аҧсуа еибашьцәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа гәыҭшьааган, ианвартәи ажәылараан иҭархаз аибашьцәа хашҭра рықәым, абри атәы лҳәеит амедеҳәшьа, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Ирина Папԥҳа.

"Ианвар хәба аҽны амацара акәӡам аибашьра ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа зегьы гәыҭшьааган. Ианвартәи ажәылараҿы рҽеибыҭаны, Гәымсҭа аӡы ирны ицеит хаибашьцәа, аха иахьынӡахәҭаз иахьыхазыҟаҵамази, амшцәагьеи ирыхҟьаны илҵшәадахеит. Хымыш ҳаибашьцәа рыԥсы шҭаз ҳбон, амандаринақәа рыҵаҟа итәан, хыхьынтә ақырҭцәа реихсон, наҟ ацашьа, арахь ааишьа рымамызт",  - хәа лҳәеит Ирина Папԥха.

Аибашьҩы лажәақәа рыла, аԥсуа еибашьцәа бџьарла ишахәҭаз еиқәшәаӡамызт ҳәа. Аиҭныҧсахларақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аҧсуа еибашьцәа.

"Ҳаҷкәынцәагьы бџьарс ирымази усҟан, цқьа иӷәӷәаӡамызт аԥсуа ир. Мышқәак рышьҭахь иҭҟәаны иҟаз ақырҭуа еибашьцәеи, ианвартәи ажәылараҿи иҭахаз 23- ҩык аҧсуа еибашьцәа афырхацәа рыҧсыбаҩқәеи еиҭныҧсахлан. Ашьҭахь еилкаахеит аиҭныҧсахларақәа рыҽнынӡа зыҧсы ҭаз 12- ҩык ҳаибашьцәа аҧсуааи аурысқәеи мчыла иҭарханы ишҳаздыргьежьыз. Уи шьақәргылан аусӡбара-медицинатә гәаҭарала", — ҳәа ацылҵеит уи.

"Агәымшәараз" амедал занашьоу Ирина Папԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса ианвар хәба рзы Гәымсҭатәи афронтала аҧсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахы ақәиҭтәра. Аҧсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лыҵшәадахеит, аиҭныҧсахларақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аҧсуа еибашьцәа. Иара убас ари ажәылараҿы ахәрақәа роуит  аԥсуа еибашьцәа аӡәырҩы.

Ажәабжьқәа зегьы
0