Амилаҭтә банк: ЕАШ (США) Аԥсны аӡбахә рдырит ацәыргақәҵа алахәрала

© Sputnik / Томас ТхайцукЛиана Агрԥҳа
Лиана Агрԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Абанк алахәын Ниу-Иорк имҩаԥысуаз 45-тәи жәларбжьаратәи анумизматикатә конференциа-цәыргақәҵа. Sputnik Аԥсны арадио аҟны абри атәы ҳзеиҭарҳәеит Амилаҭтә банк аусзуҩцәа, аделегациа алахәылацәа Лиана Агрԥҳаи Анаит Нерсисиани.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Ниу-Иорк имҩаԥысуаз 45-тәи жәларбжьаратәи анумизматикатә конференциа-цәыргақәҵа Аҩадатәи Америка зегьы аҟны даара крызҵазкуаны иҟоу усмҩаԥгатәны ишьоуп, ҳәа лҳәеит Амилаҭтә банк аусзуҩы, аделегациа алахәыла Лиана Агрԥҳа.

Урыс бызшәала атекст шәаԥхьар шәылшоит ара >>

"Аԥсны Абанк абри аусмҩаԥгатә иахьалахәызгьы ҳәарада ахәшьара уадаҩны иҟоуп, шьаҿа дууп. Аԥсны акәзар ацәыргақәҵаҟны адҵаалаҩцәа рацәаны иаднаԥхьалеит, аинтерес ркит. Ацәыргақәҵаҟны Аԥсны астенд рывагылан адунеи аҟны еицырдыруа аукционтә ҩнқәа, акредиттә еиҿкаарақәа, аҭыжьырҭақәа, ахатәы коллекционерцәа рстендқәа", — лҳәеит Лиана Агрԥҳа.

Лара лажәақәа рыла аԥсуа стенд аҟны иубарҭан дара аԥсарқәа реиԥш аҳәынҭқарратә символикеи егьырҭ ареспублика агәалашәаратә ԥсарқәа рыӡбахә англыз бызшәала изҳәо акаталогқәеи. "Жәларбжьаратәи анумизматикатә мчыбжьы" мҩаԥысит Ниу-Иорк ажьырныҳәа 2-10 рзы. Есышықәса иара иаҭаауеит зықьҩыла ауаа. Аколлекциатә материал цәырыргоит ЕАШ (США), Европа, Азиа рҟынтәи адилерцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0