АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба иаҳзеиҭеиҳәеит ареспубликаҟны аӡынтәи аԥсыӡкра шымҩаԥысыз атәы.
"Ақьамшьиа сынтәа Аԥснытәи аԥшаҳәа иахьазааигәамхаз инамаданы 2017 шықәса хәажәкыра 1 азы икуп 9 232 141 аԥсыӡ", — иҳәеит аминистр.
Даур Ҭарба иажәақәа рыла хәажәкыра нҵәаанӡа макьанагьы аԥсыӡкразы аамҭа аанханы иҟоуп.
"Ҳара иҳанашьаз аквота ҳзынамыгӡеит", ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ахатәхаҿқәа, аминистрра аквота знаҭо ракәзар, ауадаҩрақәа рымоуп, аҩныҵҟатәи аџьармыкьа ишахәҭоу еиԥш ирзеиқәыршәом. Аха иара убри аамҭазы ауааԥсыра рзы адефицит ыҟам.
Аминистр иҳәеит асеиԥш аҭагылазаашьа ҟалоит ҳәа ишазыԥшыз, избанзар аҵарауаа уи азыԥхьагәарҭахьан. 2017 шықәсазы аԥсыӡкра аквота 40 000 тонна рҟынтәи 51 000 тонна рҟынӡа еиҳатәын.