Аҟәа ақалақь апрокуратура: адепутатрахь акандидат Баҭал Аиба имашьына блын

© Sputnik / Томас ТхайцукБаҭал Аиба имашьына амца акит хәажәкыра 16 рзы
Баҭал Аиба имашьына амца акит хәажәкыра 16 рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатраз акандидат Баҭал Аиба имашьына амца акит хәажәкыра 16 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатраз акандидат Баҭал Аиба имашьына амца акит хәажәкыра 16 рзы.

Абри ахҭыс инадҳәаланы ашьаус хацнаркит Аҟәа ақалақь апрокуратура ҳәа ҳаиҳәеит Аҟәа ақалақь апрокурор Руслан Ҭырқьба.

"Апрокуратура имҩаԥнагаз агәаҭарақәа инарыдҳәаланы аусҭҵаара хацыркын Аԥсны Ашьауӷатә кодекс ахәҭаҷ 164 инақәыршәаны", — иҳәеит Ҭырқьба.

Иара иазгәеиҭеит ашьаус аҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ацәгьара зуз раарԥшразы.

"Ҳара ҳусҭҵаара ҵаҵӷәыс иамоуп амцарцәаратә маҵзура алкаақәа. Агәаанагара ыҟоуп амцаркразы абылтәы ахархәара аҭан ҳәа", — иҳәеит Ҭырқьба.

Апарламент ахь депутатс иқәгылоу Баҭал Аиба имашьына амца акит хәажәкыра 16, асааҭ 21:00 рзы, Аҟәа. Аҳҭнықалақь апрокуратура аверсиақәа ҩба: ахала амцакреи амцаркреи, аус рыднаулоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0