Кәыҵниа: "амашәырқәа рмедицина" иҷыдоу ахәҭа ашьақәыргылара ҳаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа
Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьақәа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik астудиаҿы еиҭеиҳәеит аԥхынтәи акурорттә сезон азы аԥсшьаҩцәа ршәарҭадаразы еиҿыркаауа аусбарҭақәа ртәы.

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Џьара ашьхара акы ҟалама, чмазаҩык Аԥсны далганы дгатәума, ицхраатәума уҳәа убарҭ афункциақәа "амашәырқәа рмедицина" (медицина катастроф) аҳақьымцәа рганахьала ирласны ацхырааразы ахәҭа аартра аус адулара иаҿуп Аԥсны аҭагылазаашьақәа ҷыдақәа рзы аминистрраҿы Аҳәынҭқарра ахада идҵала. Абри атәы иҳәеит аминистр Лев Кәыҵниа.

"Аԥхын иалагӡаны аԥсшьаҩцәа аанӡа ҳхы ҳарманшәалап ҳәа сгәы иаанагоит – атехника, амаҭәахәқәа иаҭаху егьи аҽеидкылара ҳаҿуп иаҳзахьыгӡозар", — иҳәеит Кәыҵниа. 

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аҵакы ду амоуп — ианаамҭо идырҳау аинформациа. 

"Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара есымша иазҳауеит. Абыржәнатә ҳаҿуп аиқәшәарақәа, агәаҭарақәа, амшын иаҵанакуа аҟәара аганахь оума, аҩнқәа роума, рҭагылазаашьа аҳәынҭқарра азҿлымҳауп, ацхыраара ҳарҭоит убри аганахьала, — иҳәеит Леа Кыҵниа. — Избан акәзар Аԥсны аҭынчра анҳау ара иаауа аԥсшьаҩцәа, сасны иаҭаауа зегьы-зегьы ргәы каршәны рыԥсы ршьароуп, ирдыруазароуп џьара рыцҳарак иақәшәар ацхыраара шроуа. Убри азыҳәан имҩаԥгатәуп ирацәаны аусура".

Аҭагылазаашьақәа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит егьырҭ азинхьчаратә усбарҭақәа, амаҵурақәа араионқәа рҿы аиқәышаҳаҭрақәа шрыбжьоу аусеицуразы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0