Аԥснытәи аспортсменцәа Урыстәыла имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿынтә "ахьы" ааргеит

© Sputnik Александр ВильфДзиудо азы аицлабрантә аԥснытәи аспортсменцәа "ахьы" ааргеит
Дзиудо азы аицлабрантә аԥснытәи аспортсменцәа ахьы ааргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ақалақь аҟны Аиааира амшныҳәа иазкны имҩаԥысит дзиудо азы иаарту аицлабра.

АҞӘА, лаҵарамза 16 – Sputnik. Шәача ақалақь аҟны Аиааира амшныҳәа иазкны имҩаԥысит дзиудо азы иаарту аицлабра. Иара иалахәын арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз. Атурнир иалахәын 180-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.

Атурнир иалахәыз Аԥснытәи аспортсменцәа: Андреи Кремлиан, Андроник Иаламузиан, Леон Черқьезиа ахьтәы медалқәа хԥа ргеит. Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Леон Ашәба, Артур Шахмеликиан, Аинар Карапачак.

Иара убасгьы "Аиааира аҽазышәаразы" аԥхьахә ианаршьеит Аслан Ҳаџьымба.

Адзиудоистцәа рыдагьы ҳдыргәырӷьеит Волгоград имҩаԥысуаз зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылазегьтәи атурнир алахәылацәа. Очамчыра араион ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол ааӡамҭацәа быжьҩык рхы аладырхәит Волгоград имҩаԥысуаз зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылазегьтәи атурнир.

54 кьыла иҟаз аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Асҭамыр Ҷыҭанаа.

50 кьыла иҟаз аспортсменцәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Чустан Гамгьиа, 58 кьыла иҟаз рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Никита Начҟьебиа.

Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Леон Ҷыҭанаа, 76 кьыла иҟаз рыбжьара, Алан Аԥшьлаа, 42 кьыла иҟаз рыбжьара.

Аспортсменцәа азыҟаиҵоит Ҳаџьараҭ Гадлиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0