Аушьҭымҭацәа иалырхуеит ныҟәара ацара: ишԥамҩаԥырго ахәылԥызқәа Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукАушьҭымҭацәа
Аушьҭымҭацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лассы атәыла иахыҩраны иҟоуп аҵыхәтәантәи аҵәҵәақәа рыбжьқәа. Ашколхәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Урҭ шымҩаԥысуа атәы далацәажәоит Sputnik акорреспондент.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

Аушьҭымҭацәа ааины иааҭагылеит ргәы зырхыҭхыҭша аамҭа. Аԥсҭазаара ду ахь ашә инылагылоит иаарласны. Аҭаацәа рзыҳәа агәырӷьара адагьы аус дуқәа раԥхьа ишьҭоу рыӡбра аамҭа ааит.

Ареспублика ашколқәак рҟны еиҿкаау аҭаацәаратә еилахәырақәа рлахәылацәа ражәақәа рыла сынтәа аҵыхәтәантәи аҵәҵәеи уи иашьҭанеиуа ахәылԥазқәеи рзы ахарџьқәа маҷк еиҵахеит. Иҟалап уи анырра анаҭазар Аҵара аминистрра иаднакылаз Адҵа "Азеиԥшҵаратә школқәа рҟны аушьҭратә хәылԥазқәа рымҩаԥгаразы". Адҵаҟны иарбан азин шыҟам иакымкәа иҩбамкәа ахәылԥазқәа рымҩаԥгареи зыхә ҳараку аҳамҭақәа раахәареи.

Аинфографика шәахәаԥшыр ҟалоит абра

Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа лажәақәа рыла, ахәылԥазқәа рымҩаԥгара мап ацәкым, аха аҭаацәа рматериалтә ҭагылазаашьа еиԥшым, ахәылԥазқәа ракәзар зегьы рхы аладырхәыртә еиԥш иҟазароуп.

Аҳҭнықалақь ашколқәа руак аушьҭымҭа лан Оксана илҳәоит:

"Сынтәа аҳамҭақәа рганахь ала даара ҳгәы ҳҽанҵоуп. Аӡыцәҟьа анагара ҟалом, аӡы ала шәалагар акаҳуагьы ахаа-мыхаақәагьы ацышәҵоит, рҳәеит. Ааигәа заа аԥышәарақәа зҭиуаз аспортсменцәа рҭаацәа ираҳәан иарбанызаалак фатәык-жәтәык зҳәаз иеиԥш нарымгарц".

Бжьаратәла 8-8 нызқьмааҭ еизыргоит ашколқәа рҟны. Арахь иалоуп актәи акласаа рзы аҳамҭақәа, арҵаҩцәа рзы ашәҭқәа, афотоҭыхҩы ихәԥса, авиниеткақәа, ашкол азы аҳамҭа. Шьоукы асахьа ҳамҭас иҟарҵоит, егьырҭ аксерокс 15 нызықь мааҭ рҟынӡа иркуа, избан акәзар дара аҵара анырҵоз уи даара ирҭахны иҟан.

"Есымша ҳашьҭазара акәын аксерокс ахьыҟаҳҵо. Ҳара ҳашьҭахь инхо рзы уи даара ицҳыраагӡа бзиахоит", — лҳәеит аушьҭымҭацәа ируаӡәку Есма, лара ААУ аекономикатә факультет дҭаларц лыӡбеит.

Иара убас иҳалҳәеит аҵкы 12 000 мааҭ ҳәа ишаалхәахьо, аимаақәа 3 000 мааҭ ҳәа ишаалхәаз. Ахцәыҟаҵареи аҽырԥшӡареи рыхәԥсақәа лыздыруам.

Иреиӷьыз аушьҭымҭацәа ирыдырныҳәалеит. - Sputnik Аҧсны
Иреиӷьыз аушьҭымҭацәа ирыдырныҳәалеит

"Ахцәыҟаҵара 1000-1500 мааҭ рҟынӡа иаԥсоуп. Аҽышәра сара рацәак бзиа избаӡом", — лҳәеит лара.

Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра рышколқәак роушьҭымҭацәа мап ацәыркит аушьҭырҭатә хәылԥазы, уи ацынхәрас ирыӡбеит Москвеи Санкт-Петербурги ирҭаан ирбарц.

"Акласс зегьы ҳаицны Санкт-Петербургҟа ацара аԥшьаагеит. Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы амш аҽны аресторан ахь ҳаицнеиуеит. Нас еиҭа уахь ацара аинтерес ҳзаҵам. Аԥарагьы рацәаны еизгатәхоит. Санкт-Петербургҟа ҳцар ақалақьгьы аабоит, ҳаргьы ҳаамҭа еицаҳхаагоит, аԥарақәа рганахь акәзаргьы акыр иармариоит. Аӡәы ицара иаара 21 000 мааҭ артәоит. Арҭ аԥарақәа зынӡа ирацәам ахәылԥази амаҭәа-ҩыҭәеи ирыхҭнаҳҵо иаҿҳарԥшуазар", — лҳәеит аушьҭымҭа Алиса.

Алиса лан Ларисагьы абри аԥшьгара дадгылоит. Ахәыҷқәа аҭыԥ ҿыцқәа рбоит, аԥышәарақәа рыламҭалазы рыгәгьы аархашҭуеит.

"Ҩ-хәылԥазык рымҩаԥгареи, ҩ-ҵкык раахәареи, аресторанқәа рахь ацареи раасҭа дара иалырхит Санкт-Петербургҟа ацара, саргьы ирыӡбаз садгылоит. Аҵх шкәакәақәагьы рбап", — лҳәеит Лариса.

Ари аҿыцаԥшьгара ашколқәа рҟынгьы ибзиоуп ҳәа ахырҳәаауеит, адгылара арҭоит. Асовет мчра аамҭақәа раан еиҳа имариан аиҭанаиааирақәа, ҳәа ргәаладыршәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0