Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Аҟәатәи ауарашзауад ашҭа уанынҭало нахыс улаԥш иааҵашәоит аусутә маҭәа – ахалаҭқәеи ахылԥақәеи пашә-пашәӡа изшәу ауаа. Иара аҽынеиҵыхны аусура иалагоит аԥхын аамҭазы. Аӡынразы еиҳарак ауараш акәымкәа алкоголь злам арыжәтәқәа роуп иҭрыжьуа.
Ауараш аршра апроцесс имариоу акакәым. Актәи амш инаркны аҵыхәтәантәи амш аҟынӡа 30-мшҟа уадхалоит. Ауарашршра атехнологиа чехословакиатәи аклассикатә система иаҿырԥшуп. Излырхуа аӡы акәзар, ҷыдала арыцқьара мҩаԥыргоит.
"Ҳара иҭҳажьуеит хә-хкык ауараш. Иҳамоуп "ИванычЪ" захьӡугьы. Иара зны-зынла наҟынтәи иаарго ирцәалаҩашьоит, аха ҳара ҳаалыҵ азауад уаанӡатәи адиректор Омар Иван-иԥа Кәарҷиа ихьӡоуп иаху", — лҳәоит азауад атехнолог хада Марина Герлиани.
Уажәтәи аамҭазы Аҟәатәи ауарашзауад аҟны иҭрыжьуеит абарҭ ахкқәа: "ИванычЪ", "Сухумское классическое", "Cухумское оригинальное".
"Ауарашршра еиуеиԥшым аетапқәа амоуп. Аамҭагь маҷымкәа иагоит. Мызкы иназынаԥшуа. Аԥхынразы уахи-ҽни аус аауеит. Ус шакәугьы аџьармыкьа аҭахрақәа анҳазхамырҭәаауа ыҟоуп", — лҳәоит лара.
Аԥсны атурист иоуп ауараш зегь раасҭа иаазхәо. Аԥхын ауараш ибзианы аҭира алзыршо аԥсшьаҩцәа роуп, лҳәоит анаплакы адиректор Амра Ануаԥҳа.
Аҭыԥантәи аџьармыкьа иазхаша ауараш анагаразы ахьшәашәараан аремонттә усурақәа мҩаԥыргоит.
"Ара иҳамоу амыругақәа реиҳарак 1953 раан иқәдыргылаз роуп. Ихахьеит. Маҷ-маҷ аԥсахра ҳаҿуп. Аамҭакала зегь реиҭарҿыцра ҳалшом. Сынтәа иҳагәҭакуп ауарашршыга аппарат венгриантәи аагара", — лҳәоит адиректор.
Ауараш адагьы араҟа иҭрыжьуеит алкоголь злам арыжәтәқәа.
"Алкоголь злам арыжәтәқәа рҭыжьра ҩ-хырхарҭакны иҟоуп. Аиҳарак ҳхы иаҳархәоит аҭыԥантәи ашәырқәа", — лҳәоит анаплакы атехнолог Марина Герлиани.
Азауад аҟны иҭрыжьуеит "Ауадҳара". "Ауадҳара" амаҭәашьареилазаара ауаҩытәыҩсатә организм ашьарҿиара функциа иацхраауеит, ахшыбаҩ аусура еиӷьнатәуеит. Амаҭәашьар бор алазаара ақьамсарҩачымазара аӷьара арццакуеит.
Аминералтә ӡы "Ауадҳара" рхы иадырхәоит асанаториақәеи абальнеологиатә хәышәтәырҭақәеи рҟны. Ҩныҵҟала адкылараан еиуеиԥшым аҩныҵҟатәи ачымазарақәа: ацачымазарақәа, акьатеичымазарақәа, аколитқәа, аентероколитқәа, агәаҵәачымазара уҳәа рыхәышәтәра иазырхоуп.
Иара убасгьы ара иҭрыжьуеит агаз змоуи измами арыжәтә хаақәа: "Азанта", "Груша и цветок апельсина", "Лимон и имбирь", "Тархун", "Фейхоа и лавровый лист", "Абрикос и курага", "Гранат и эвкалипт", "Айва".