Роланд Бганба Аԥсуа ҳәынҭтелерадиоеилахәыра адиректор хадас дҟаҵоуп

© Sputnik Томас ТхайцукРоланд (Мамука) Бганба
Роланд (Мамука) Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
КВН акоманда "Нарты из Абхазии" алахәыла Роланд Бганба Аԥсуа ҳәынҭтелерадиоеилахәыра адиректор хадас дҟаҵоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Роланд Бганба Аԥсуа ҳәынҭтелерадиоеилахәыра адиректор хадас дҟаҵоуп. Абри азы Адҵа инапы аҵеиҩит Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц, ҳәа аалыцҳаит Аминистрцәа реилазаара аинформациеи аҳәынҭпротоколи Рдепартамент аиҳабы Ельза Ҷанԥҳа.

Уаанӡа Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор хадас иҟаз Ҭали Џьапуаԥҳа иҟалҵаз аҳәарала лусураҟынтә лхы дақәиҭтәын.

Роланд Бганба диит ԥхынгәы 4 1980 шықәса рзы Тҟәарчал. 2000 шықәса раахыс КВН акоманда "Нарты из Абхазии" далахәылоуп. 2011 – 2013шш. рзы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра асистемаҿ аус иуан. 2014 шықәса инаркны АГТРК азеиԥшҵаратәи, аспорттәи программақәа директорс дрыман. Дҭаацәароуп. Хҩык ахшара драбуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0