Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлаз аҩбатәи ацәгьоуҩ даанкылоуп

© AFP 2023 / ANTHONY WALLACE Архивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан. Абџьар ахархәара аҭан дшьын урыстәылатәи атурист.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит урыстәылатәи атуристцәа абџьар ахархәара аҭан ирықәлаз, Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Кабанов дызшьыз аҩбатәи ацәгьауаҩгьы. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура асаит.

Ԥхынгәы 13 рзы Апрокуратура хада адырра ҟанаҵахьан ацәгьоуцәа руаӡәк дшаанкылаз.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада: урыстәылатәи атурист дишьит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩԥсы даанкылоуп

Ацәгьоура ҟазҵаз ауаа рыԥшаареи рышьақәыргылареи рзы аусурақәа хацнаркит Гәдоуҭа араион апрокуратура.

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәны имҩаԥысит Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи атурист иҭархареи раарԥшразы иаԥҵаз Аоперативтә штаб аилатәара.

Иара убасгьы атәыла Ахада инапынҵала Аԥыза-министр Беслан Барцыц ихахьы игеит иҭахаз иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агара ахылаԥшра. Аԥсны Аиҳабыра уи азы иахәҭаны иҟоу ахарџь ашәара иаҵагылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0