Аԥсуа курсантцәа ҭоуба шьҭарҵеит

© Фото : МЧС АбхазииАбхазские курсанты Академии МЧС России приняли присягу на верность Абхазии
Абхазские курсанты Академии МЧС России приняли присягу на верность Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рҳәынҭқарратә Академиа амцарцәаратәи атехносфератә шәарҭадареи рфакультет актәи акурс акурсантцәа фҩык Аԥсны Аҳәынҭқарреи ажәлари гәык ала ишырзыҟоу азы ҭоуба руит.

АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik. Аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысит асабша, цәыббра 16 рзы. Абри ахҭыс ҷыдала акурсантцәа ирыдиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Степанов. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла абри аҵараиурҭа иазнархиоит зыҩаӡара ҳараку аҟазауаа.

"Акурсантцәа аҵара рҵонаҵы атеоретикатә дыррақәа реиԥш апрактикатә дыррақәагьы роулоит. Апрофессор-рҵаҩратә еилазаара астудентцәа ирырҭо адыррақәа акыр иҭбаауп. Уи раԥхьаҟатәи русураҟны ицхыраагӡа духоит. Ҳминистрраҿы иҟазароуп ԥхьаҟа ҳтәылауаа ршәарҭадара алзыршо апрофессионал ҿарацәа", — иҳәеит Кәыҵниа.

Мызкы аҩныҵҟа акурсантцәа апрофессионалтә ҽазыҟаҵара раԥхьатәи акурс иахысуан.

Академиа аусура иахырхарҭа хаданы иҟоуп амцарцәаратә шәарҭадара, атехносфератә шәарҭадара, ауааԥсыреи аҵакырақәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи аинформациатә технологиақәеи рҟынтәи рыхьчарааусхкқәа рҟны аҟазауаа разырхиара.

Аҵараиурҭа аус ауеижьҭеи имаҷҩымкәа аҟазауаа аунашьҭхьеит. Академиа даушьҭымҭоуп Аԥсны Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

Аԥсны Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рминистрра аҵараиурҭақәа рахь акурсантцәа нанашьҭуеит 2010 шықәса рзы Москва ақалақь аҟны анапы зҵаҩыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны.

Урыстәылатәи Афедерациа Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рҳәынҭқарратә Академиаҟны иахьазы Аԥснынтәи аҵара рҵоит 31-ҩык Аԥсны атәылауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0