Аҵарауаҩ: ажәытә аԥсуа чареи иахьатәии аиԥшымзаарақәа маҷымкәа ирымоуп

© Sputnik / Леон ГунияАԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуаҩ Елисо Сангәлиаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуаҩ Елисо Сангәлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуаҩ Елисо Сангәлиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит аԥсуа чара ажәытәани уажәи ишымҩаԥырго атәы.

АҞӘА, жьҭаарамза 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажәытә аԥсуа чареи иахьатәии аиԥшымзаарақәа маҷымкәа ирымоуп, лҳәеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуаҩ Елисо Сангәлиаԥҳа.

"Структурала уахәаԥшуазар рацәак аҽамԥсахит уҳәартә иҟоуп, аха ҵакыла акыр аиҭакрақәа рыхҭысит ҳчарақәа. Аамҭа цацыԥхьаӡа аҵасқәагьы рҽырԥсахуеит", — азгәалҭеит лара.

Аха убри аан, аҵарауаҩ лгәаанагарала, аԥсуа чара иаланагалеит ҳара иҳацәтәыму, ахаан ҳҵас иаламыз аҟазшьақәа.

"Ицаз атрадициақәа рҟнытә уззымхьаашагьы рацәоуп, аха аԥсуацәа аҟәынҵаны иахьагьы имҩаԥугартә иҟоуп. Ажәытәан аҭаца уахынла акәын данааргоз, аҭацаагацәа хазы иалырхуан, ачара аҽҳәара анԥырҵәоз аҭацаагацәагьы рыӡбахә рҳәон. Урҭ аиҳабы дрыцзар акәын, ҽыла ҭацаагара ицон, аҭаца лҽы рывакны амҩа иқәлон. Уа иахьнеиуаз, аԥшәмацәа ишаԥу еиԥш аишәачара рзырхианы ирыдыркылон иааигәоу ргәылацәа рыддыртәалон. Аҿар заа игылон, урҭ ихаланы аҭаца дырбон, лара амҳараҿы дыҟан. Аҿар уаантәи икәашо-ишәаҳәо аҭаца ддәылыргон. Уи аргама аҭаца данааргоз ауп", — лҳәеит аҵарауаҩ.

Елисо Сангәлиаԥҳа лыҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Уажәтәи аамҭазы аҭаца аргама дандәылырго агхақәа ҟарҵоит, азгәалҭеит лара. Сангәлиаԥҳа лажәақәа рыла, ажәытәан аҭаца дандәылыргоз, акәашареи ашәаҳәареи азин змаз аҭацаагацәа ракәын, аҭаца дахьдәылыргоз аҩнаҭа иатәу акәашареи ашәаҳәареи азин рымамызт, урҭ аганахь игыланы ирыхәаԥшуан. Иахьа уи аҵас аӡра иаҿуп, аҵакы аӡәырҩы ирхашҭхьеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0