Науру Ахада ашәҭқәа шьҭеиҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵан

© Sputnik Бадри Есиава Барон Вака на возложение цветов в Парке Славы
Барон Вака на возложение цветов в Парке Славы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика Науру Ахада Барон Вака Аԥсныҟа дааит усутә визитла абҵара 12 рзы.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Барон Вака ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит 1992-1993 шықәсақәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа. Абри атәы ааицҳаит Sputnik Аԥсны акорреспондент.

Ареспублика Науру Ахада Барон Вака дымҩаԥигон Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Абри ашьҭахь дара неит атәыла анапхгара ахьтәоу аҭыԥ ахь. Уаҟа имҩаԥысит Барон Вакеи Рауль Ҳаџьымбеи реиԥылара.

Наурутәи аделегациа иалахәуп Науру Апарламент адепутат, Аҵареи агәабзиарахьчареи рминистр Чармин Скотти, Апарламент адепутат, анапынҵа ҷыдақәа рзы Ахада иабжьгаҩ Милтон Диуб, ООН аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа Науру ахаҭарнак Марлен Моузес.

2016 шықәса рзы Аԥсны иаҭааны иҟан Науру Апарламент аиҳабы Сирид Бураман зхадараҿы дыҟаз аделегациа.

2017 шықәса рзы Аԥсны иҟан Ареспублика Науру Ахада ихаҭыԥуаҩ Адеангом Давид Уаиа зхадараҿы дыҟаз аделегациа.

Ажәабжьқәа зегьы
0