Баграт Ԥандариа актәи аҭыԥ ааникылеит зыхиақәиҭу ақәԥаразы атурнир аҟны

© Фото : Screenshot: Евгений ГуровБорьба между Пандария Багратом и Балтуевым Александром
Борьба между Пандария Багратом и Балтуевым Александром - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2001-2002 шықәса рзы ииз ақәыԥшцәа злахәу зыхиақәиҭу ақәԥаразы урыстәылазегьтәи атурнир мҩаԥысит Москва ажьырныҳәа 7-11 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Баграт Ԥандариа актәи аҭыԥ ааникылеит зыхиақәиҭу ақәԥаразы олимпиатәи ачемпион Александр Иваницки 80-шықәса ихыҵра иазкыз, 2001-2002 шықәса рзы ииз ақәыԥшцәа злахәу зыхиақәиҭу ақәԥаразы урыстәылазегьтәи атурнир аҟны. Атурнир мҩаԥысит Москва ажьырныҳәа 7-11 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аспортсмен иазыҟаҵаҩ Ҭимур Џьопуа.

"Атурнир иалахәын 2001-2002 шықәсқәа рзы ииз ахьыбҿар. Атурнир аҟны аиааира ҳара иаҳнаҭоит алшара сынтәа, мшаԥымзазы Киев имҩаԥысраны иҟоу Европа ачемпионат аҽалархәра", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Баграт Ԥандариа 60 кьыла рҟынӡа зкапануа аспортсменцәа рыбжьара аиааира игеит. Зынӡа Аԥснынтәи атурнир иалахәын ааҩык аспортсменцәа ҿарацәа.

Александр Иваницки – зыхиақәиҭу ақәԥаразы раԥхьатәи аолимпиатә чемпион.

Ажәабжьқәа зегьы
0