Стенин ихьӡ зху афотожурналистика аиндаҭлара афонд х-миллионк инаӡеит

© Николай ХижнякМКФ имени Стенина
МКФ имени Стенина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит Андреи Стенин ииарамш аҽны. Аусумҭақәа рыдыркылалоит 2018 шықәса жәабранмза 28 рҟынӡа. Иалахәхар ауеит 18-33 шықәса зхыҵуа афоторепортиорцәеи афотоҭыхра бзиа избоуи.

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. 1000 инарзынаԥшуа сахьа нарышьҭхьеит 40 тәыла рҟынтәи алахәылацәа ҳәа аанацҳаит ажьырныҳәа 31 рзы жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня".

Амедиогәыԥ "Россия сегодня" афонд х-миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит сынтәа.

Аиндаҭлара аҟны аиааира згаз рзы иршәоит шә-нызқь мааҭ, актәи аҭыԥ азы, хынҩажәижәаба нызқь мааҭ, аҩбатәи аҭыԥ азы, ҩынҩажәижәаба нызқь мааҭ, ахԥатәи аҭыԥ азы. Гран-при зауа изшәахоит 700 000 мааҭ аԥара.

2018 шықәса рзы афонд иацлеит аиндаҭлара апартниорцәа еидҵоу Шанхаитәи амедиагәыԥи Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшьи рыдгыларала.

Открытие выставки победителей конкурса им. Андрея Стенина в Шанхае. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь азыҳәақәа рхыԥхьаӡара рацәоуп

Еиҳарак активла рхы аадырԥшуеит афоторепортиорцәа Урыстәыла, Индиа, Кениа, Бангладеш, Палестина, Сербиа, Ҭырқәтәыла, Америка, Великобританиа, Иран, Малаизиа, Аладатәи Африка, Китаи, Беларуссиа, Молдова, Ҟазахсҭан рҟынтәи.

Аконкурс апортал stenincontest.ru ахь 18-34 шықәса зхыҵуа афоторепартиорцәа русумҭақәа рыдыркылоит. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит Андреи Стенин ииарамш аҽны. Аусумҭақәа рыдыркылалоит 2018 шықәса жәабранмза 28 рҟынӡа.

Аконкурс еиҿнакааит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня". Иара иахьазы Урыстәыла ахьӡ ҿыцқәа аазыртуаны иҟоу конкурс заҵәыкуп. 2017 шықәса рзы аусумҭақәа алыркаауеит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Главные новости", "Спорт", "Моя планета", "Портрет", Герой нашего времени".

2018 шықәса рызгьы арҭ аноминациақәа аанхоит, иара убри аан номинациацыԥхьаӡа ирыдыркыло аусумҭақәа рхыԥхьаӡара еиҳатәхоит.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Открытие выставки …чтобы знали - Sputnik Аҧсны
Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь арзаҳалқәа рыдыркылоит

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аконкурс информациатә партниор хаданы иҟоуп: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo. Аконкурс жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟан: аинформациатә маҵзуреи ардиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG).

Аусхкытә информациатә партниорцәа рыҳасабала иара иадгылоит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла,Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik —аиндаҭлара жәларбжьаратәи информациатә партниорны иазыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0