00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳара ҳжәар
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Апрокурор ахәыҷы афымца исра зыхҟьаз иазкны: агәаҭарақәа цоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура г. Сухум
Прокуратура г. Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жә-шықәса зхыҵуа Нестор Аршба Аҟәа ақалақь Ақырҭаа имҩаҿ игыло атрансформатор аҩныҵҟа афымца исит.

АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Жәабран 11 рзы жә-шықәса зхыҵуа Нестор Аршба Аҟәа ақалақь Ақырҭаа имҩаҿ игыло атрансформатор аҩныҵҟа афымца исит. Абри ахҭыс аганахь ала аҳҭнықалақь апрокуратура аусҭҵаарақәа мҩаԥнагоит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь апрокурор Руслан Ҭырқьба.

Иара иажәақәа рыла уажәазы ахҭыс шыҟалаз азы аҭагылазаашьақәа рыҭҵаара иаҿуп.

"Ишьақәыргылоуп ахәыҷы иаартыз атрансформатортә хыбра дшыҩналаз. Агәаҭарақәа раан ахәшьара аҭахоит ашәарҭара змоу аобиект аҟны ашәарҭадаратә нормақәа рыҟазшьагьы. Абри аганахь ала иахәҭаны иҟаз ауснагӡатәқәа иахьрызхьаԥшымыз азы арыцҳара ҟалеит ҳәа шьақәыргылахар, ашьаус хацыркхоит. Ашьаус ахацыркразы аҵаҵӷәқәа аҭыԥ рымамзар, административтә хара ахархәара аиуеит. Макьаназы апрокурортә гәаҭарақәа мҩаԥысуеит. Аус ахәҭаҷқәа зегьы анышьақәыргылахалак ашьҭахь ауп иахәҭаны иҟало ауснагӡатәқәагьы анымҩаԥгахо", — иҳәеит апрокурор.

Жәабран 11 рзы жә-шықәса зхыҵуа Нестор Аршба Аҟәа ақалақь Ақырҭаа имҩаҿ игыло атрансформатор аҩныҵҟа афымца исит. Абри ахҭыс аганахь ала аҳҭнықалақь апрокуратура аусҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0