Акаԥҳа Зураб Ачба изкны: ақырҭцәа иабалак анырҳәоз рҿаԥҽра бзиаӡаны илшон

© Foto / из фотоальбома "Аиааира" Депутаты Зураб Ачба и Сергей Шамба на пресс-конференции. Архивное фото.
Депутаты Зураб Ачба и Сергей Шамба на пресс-конференции. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 23 рзы диит еицырдыруа азинхьчаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Зураб Ачба. Иахьа иара иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы ихыҵуазаарын 68 шықәса.

АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik. Зураб Ачба иналукаашаз уаҩын. Уи иахьагьы Аԥсны акыр даҭахны дыҟоуп, лҳәеит Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ, Зураб Ачба ибзиан дыздыруаз Наҭелла Акаԥҳа.

"Аԥсҭазаараҿ иахьа дҳалагылам Зураб Ачба еиԥш иҟоу, иара иҭахара зегь ҳзы ицәыӡ дууп", — лҳәеит лара.

Наҭелла Акаԥҳа илҳәеит Зураб ауаатәыҩса рзинқәа рыхьчараз имчи идырреи зегьы шадиҵоз.

"Дарбанызаалак ауаҩы изинқәа анеиларгоз игәы ԥнажәон. Иареи сареи аус еицаауан, ибзиан издыруеит уи дзеиԥшраз. Сара Апарламент адепутатс саныҟаз ауаҩы изинқәеи амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәеи рзы акомиссиа салахәын. Зураб еснагь дсывагылан, ацхыраара сиҭон", — лҳәоит лара.

Лара иара убасгьы иазгәалҭоит Зураб Ачба илагала ду амилаҭ-хақәиҭратә ҵысра "Аидгылара" аԥҵараҟны.

"Асовет Еидгыла ареспубликақәа рахь дцон, еиуеиԥшым ауаа дырԥылон. Зехьынџьара Аԥсны азы аиаша рызнеигон. Аибашьраан ҳара иҳадгылаз, иааны иҳавагылаз рҟынтәи ирацәаҩын иара идырыҩцәа. Уи адагьы усҟан

Москва ателехәаԥшрала лассы-лассы дықәгылалон. Зехьынџьара ҳиашара цәыригон. Ақырҭцәа Аԥсназы иабалак анырҳәоз рҿаԥҽра бзиаӡаны илшон", — лҳәоит Акаԥҳа.

Наҭелла еиҭалҳәоит ОБСЕ амиссиаҟны аус аниуазгьы, Зураб Аԥсны атәылауаа илшоз ала дышрыцхраауаз.

"Иара иахь инеиуан уаҳа неирҭа змамыз ауаа. Ибзианы издыруеит аибашьра ашьҭахь абыргцәа анизнеилак иџьыба иҭыхны ихатә ԥара шриҭоз, дышрыцхраауаз", — лҳәоит лара.

Еицырдыруа азинхьчаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Зураб Ачба дыршьит 2000 шықәса нанҳәа 15 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0