Урыстәыла аолимпиатә Еилакы астатус аиҭашьақәыргылара азҵаара ӡбахоит

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпийский символ на здании штаб-квартиры Международного олимпийского комитета (МОК) в Лозанне
Олимпийский символ на здании штаб-квартиры Международного олимпийского комитета (МОК) в Лозанне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аолимпиатә Еилакы астатус аиҭашьақәыргылара азҵаара ӡбахоит урыстәылатәи аспортсменцәа аҵыхәтәантәи рдопинг-гәаҭарақәа рылҵшәақәа анеилкаахалак. Агәаҭарақәа мҩаԥган Пхенчхан.

АҞӘА, жәабран 26 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аолимпиатә Еилакы алахәыла, Урыстәыла аԥқьаҭымпыл Афедерациа апрезидент Шамиль Тарпишьчев РИА Новости аинтервиу анеиҭоз иҳәеит Урыстәыла аолимпиатә Еилакы астатус аиҭашьақәыргылара азҵаара ӡбахоит урыстәылатәи аспортсменцәа аҵыхәтәантәи рдопинг-гәаҭарақәа рылҵшәақәа анеилкаахалак ҳәа. Уи жәабран 27, 28 рзы акәхоит иҳәеит иара.

"Уажәы зегьы азыԥшуп ашәҩала аиԥхныҩлацәеи ахоккеи асыҩцәеи ртестқәа рҭак. Проблемак ҟамлар, Урыстәыла аолимпиатә Еилакы астатус аиҭашьақәыргылара азҵаара ӡбахоит иҵоураны", — иҳәеит Тарпишьчев.

Иара иажәақәа рыла егьырҭ аспортсменцәа рдопинг гәаҭарақәа рыла зегьы "цқьоуп".

Урыстәыла аолимпиатә Еилакы астатус аиҭашьақәыргылара азҵаара ҵоураны иӡбахоит ҳәа иазыԥшын Аолимпиатә хәмаррақәа нҵәаанӡа, аха акиорлингист Александр Крушельницкии абобслеистка Надежда Сергеевеи рдопинг-гәаҭарақәа уи аус еиԥырҟьеит. Урҭ ршьаҿы мельдони ашьҭақәа ԥшаан.

Ажәабжьқәа зегьы
0