Sputnik
Владислав Арӡынба иҭоурыхи, илаз апатриотизмреи, аибашьреи аибашьцәеи рҭоурыхи неиваргыланы рыхьӡ аҳаракыра акамыршәра ҳашьҭоуп. Макьаназ имаҷзаргь иҟаҳҵахьо, ҳагәҭакқәа рацәоуп, ҳәа лҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху "Ахьӡ-аԥша" амузеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиа.
"Абар, сынтәа иҵуеит бжьы-шықәса дҳаԥхеижьҭеи ҳаԥхьагылаҩ, аибашьра аан ҳныҳәан ажәыларахь ҳзышьҭоз Владислав Арӡынба, уи иҟамзаара дара иаҳныԥшуеит, иԥсра ааха ӷәӷәаны иаҳзыҟалеит, ахәра ҳнаҭеит. Ҳәара аҭахыума, Владислав Арӡынба иҭоурых пату ақәаҳҵоит. Амузеи анапхгареи аусзуҩцәеи енагь ҳашьҭоуп иара изку амаҭәарқәеи аматериалқәеи рыԥшаара, иара убас игәаларшәара аҳаҭыраз ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара. Амузеи аҵак ду амоуп, иара ҭоурыхҳәаҩуп, аҿар рзы имҩақәҵагоуп. Хықәкы хадоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, иара иуаҩышьа аҿар рызнагара", — ҳәа лҳәеит амузеи аиҳабы.
Владислав Арӡынба изку аматерила аизгараҟны иҭаацәа даара ацхыраара ҟарҵеит, урҭ иахьагьы ирывагылоуп, ҳәа ацылҵеит Беиа.
"Машәыршақә иҟамлазар акәхап, раԥхьатәи ахада иԥсҭазаара даналҵ аҽны иахьақәшәаз аҩбатәи ахада Сергеи Багапшь имш иира. Дара рыхьӡқәа адҳәалоуп аиааиреи, ахьыԥшымреи. Ҳара гәҭакыс иҳамоуп иубилеи инамаданаы амузеи ахыбраҟны иаԥаҳҵар аекспозициа, аматериал аизгара ҳаҿуп, ааигәа напы аҳаркуеит", — ҳәа азгәалҭеит Беиа.
Cергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи еиҿкаан, иагьаартын 1995 шықәсазы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иӡбарала. Уаҟа еизгоуп зқьыла Аԥсны аҭоурых атәы зҳәо, хәы змаӡам аекспонатқәа.
"Аибашьра ашьҭахь, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызку аматериалқәа реизгара напы анаҳаркы ашьҭахь, аҳәара ҟаҳҵеит амузеи алҳхыртә ахыбра ҳарҭырц. Усҟантәи аамҭаз, амузеи аԥҵара акәым, аекономикатә блокада ҳҭагылан, ҳҭагылазаашьа дара иуадаҩын. Аха, ари аус ԥшьа иадымгылоз шырацәазгьы Владислав Арӡынба дахаҵгылеит, адҵа рыиҭеит, уимоу аматериал аизгара аҟынгьы дҳавагылан. Иара ихаҭа ихатә фонд аҟнытә иалаигылеит ацхыраара, абри амузеи ааҳартырц азы. Есышықәса амузеи анааҳарт инаркны даҭааон иара, еснагь илаԥш ахын, енагь иаҳзааигон иҿыцу маҭәарк, експонатк. Иара еснагь дашьҭан, игәы цҳафырон аибашьра аҭоурых аиқәырхараз", — ҳәа лгәалалыршәоит Гәдоуҭатәи амузеи аусзуҩ Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
"Иахьа, ҳмузеи аҟны иҟоуп Владислав инапҩымҭақәа, аибашьра аан ачаи акаҳуеи злаижәоз аҵәца, икалам, иаԥсуа шәақь, ажәакала, ирацәоуп иара изку амаҭәарқәа. Амузеи аиҭашьақәыргылара анхырқәшахалакь анаҩс, иара изку ауадаҟны иҟазаауеит зегьы, амузеи иаҭаао ирбатә еиԥш. Владислав Арӡынба даара даартын, игәы былуан, убри азоуп зегьы бзиа дзеицырбо", — ҳәа ацылҵеит Џьыкырԥҳа.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәсазы Алада Ешыра ақыҭан. Абжьаратә школ даналга ашьҭахь дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә институт аҭоурыхтә факультет, анаҩс далгоит СССР анаукақәа ракадемиа Мрагыларатәи аинститут аспирантура. 1988 шықәсазы далырхоит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа бызшәеи алитературеи аҭоурыхи рзы аинститут анапхагаҩыс. 1988 шықәса инаркны Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет депутатс дыҟан. 1989 инаркны Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс.
Абҵарамза 26 аҽны, 1994 шықәсазы ирыдыркылаз аконституциа ҿыц инақәыршәаны далхын Аԥсны аҳәынҭқарра ахадас. 1999 шықәса жьҭаарамза хԥа рзы жәлар зегьтәи бжьыҭирала даҽазныкгьы Аԥсны аҳәынҭқарра ахадас далхын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Владислав Арӡынба Аԥсны арбџьарымчқәа хадара рзиуан.
Аԥсуа жәлар рҭоурых аҟны Владислав Арӡынба – ажәлар драԥхьагылаҩны, аиааира дасимволны наунагӡа даанхоит.