Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров.
Кабинет министров. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 6 рзы Шьамтәыла урыстәылатәи атранспорттә ҳаирплан АН-26 каҳаит. Аҳаирплан иҭаз 33-ҩык апассаџьырцәеи 6-ҩык аҳаирплан аекипажи ҭахеит.

АҞӘА, хәажәкыра 7– Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, урыстәылатәи атранспорттә ҳаирплан АН-26 аҭахара инадҳәаланы ҳәа аанацҳауеит адипломатиатә усбарҭа аофициалтә саит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны гәалсра дула ирыдыркылеит урыстәылатәи атранспорттә ҳаирплан АН-24 Шьамтәыла аҭахара. Абри арыцҳара Аԥсны иқәынхо дарбанызаалак гәхьаа дуны изыҟалеит", — ҳәа аҳәоит ашәҟәаҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра арратә ҳаирплан иҭаз рыуацәеи рҭынхацәеи ирыдашшылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0