"Коӷониаԥҳа лымҩаду": аҳәаа шҳамоу зегьы ирбартә еиԥш иҟаҵатәуп

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пункт "Ингур" в Гальском районе Абхазии
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Коӷониаԥҳа лымҩаду" адырраҭараҟны иалацәажәеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы аҳазалхырҭа аиҿкаара.

Sputnik

Есымчыбжьатәи адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иалацәажәеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы аҳазалхырҭа аиҿкаара. Абри азҵааразы ргәаанагара рҳәеит Аԥсны аҳазалхырҭатә комитет ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Мсоусҭ Шамбеи, аибашьра аветеран Леон иорден занашьоу, акыр шықәса аҳазалхырҭаҿы агәаҭаратә хәҭаҿы аус зуаз Руслан Ипаԥшьбеи.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы аҳазалхырҭа аиҿкаара иазкны

"Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы аҳазалхырҭа аартуп 1995 шықәса раахыс. Етапла уахәаԥшуазар 20087 шықәса рҟынӡа аҳазалхырҭа имҩаԥнагон аҳазалхратә политика, Гал еидыркалон аҳазылхратә баџь, иахәҭоу ашәахәтәқәа зегьы. Зны-зынла исгәалашәоит аибашьра ианалга Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба аҳәааҿы иаразнак ишьақәиргылт Егры ацҳаҿы аҳазалхырҭа. Убри инаваргыланы Аусԥҟа аҳазылхратә тариф, убри алагьы идирбеит иара ишымҩаԥиго ихьыԥшым аҳалхратә политика. 2007 шықәсазы Қарҭтәылатәи архәҭақәа Кәыдры аҩхаа иҭалеит, Сергеи Баӷаԥшь аҭак ҳасабала уаанӡа имҩаԥаҳгоз аҳазалхырҭатә политика Қарҭтәыла аганахьала азин амихит. Усҟантәи аамҭазы иара ииашаны иҟаиҵит, ус аҳәынҭқаррақәа рацәоуп агрессиа аҭак ус ианыҟарҵо. Уи инаркны иахьатәи аамҭанӡа Багаԥшь иаԥиҵаз аусԥҟа аус ауеит",, — иҳәеит Мсоусҭ Шамба.

Аҳәынҭқарраҿы ашәарҭақәа рацәоуп, еиҳарак ашәарҭара уи аекономика ауп, иҳәеит Руслан Инаԥшьба.

"Егры аҳазылхарҭатә ҭыԥ ишахәҭоу еиԥш аус иқәҵатәуп. Егрытәи Ԥсоутәи аҳазалхырҭатә ҭыԥқәа еиҿурԥшуазар акоуп. Аха Ԥсоутәи иаҳзаиигәоу аҳәынҭқарра еидуп аҟнытә аҽакала иҟоуп, аха қарҭтәыла ганахьала уазхәыцуазар, жәаҳәарада иӷәӷәаны аус ауыроуп. Қарҭи ҳареи иҳабжьоу аиӷара иазхәыцны Аԥсны аиҳабыра, аминистрцәа реилазаара, Жәлар реизара закәанла ишьҭырхроуп аҳазалхратә уснагӡара иалагароуп", — иҳәеит иара.

Ҳара иахьа Урыстәыла аҳәынҭқарра ҳхьыԥшымра азхарҵеит, даргьы ҳганахьала имҩаԥырго атарифқәа аҽакуп. Аҳазалхратә баџь Урыстәылантәи иаауа атауарқәа рзы илаҳҳӡом, даргьы убасҵәҟьа, азгәаиҭеит Мсоусҭ Шамба.

"Раԥхьаӡа иргыланы иҟаҵатәу ҳәа сахәаԥшуеит Егры аҳазалхратә ҭыԥ аҿы иргылатәуп ахыбра ишахәҭоу еиԥш, адунеи анормақәа инарықәаршәаны, иааӡатәуп акадрқәа, атарифтә политикагьы маҷк ирџьбарраны ишьҭыхтәуп. Абарҭ аусқәа аныҟаҳҵалак Урыстәыла ҽԥныҳәак ҳарҭар ираҳҳәо ҳауеит", —  иҳәеит иара.

Инаԥшьба иазгәаиҭеит, ҳҳәынҭқарра ҳара ҳхала аназхаҳҵа аҳәааҟны иргылатәуп ахыбра бзиақәа, алабараториа, аҳәаа шҳамоу иҿаҿаӡа зегьы ирбартә ираҳартә еиԥш иҟаҵатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0