"Аԥсуа клавиатура" аусура хацыркуп

© Sputnik Абхазская клавиатура
Абхазская клавиатура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
iOS аплатформаҿ "Аԥсуа клавиатура" асмартфонқәа змоу ирнаҭоит алшара рхатәы бызшәала аҩырақәа еимырдаларц.

АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik, Бадри Есиава. iOS-платформаҿ ацҵа ҿыц "Аԥсуа клавиатура" аусура хацыркуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит афонд "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" анапхгаҩы Амина Лазԥҳа.

Запуск лингафонного кабинета в 10 школе - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҟны аԥсуа бызшәа арҵаразы акабинет аартуп

"Ари иаанагоит Apple аалыҵ ахархәаҩцәа зегьы ироуеит алшара аԥсышәала аинформациа аимдареи ашәҟәқәа реимдареи", — лҳәеит Лазԥҳа.

Лара иазгәалҭеит апроект аус шадырулоз ҩымз инарзынаԥшуа.

"Уадаҩраны иҟаз, аԥсуа бызшәаҿы 64 нбан аҟазаароуп. Ԥхьаҟагьы Афонд аус аднаулалоит аԥсу абызшәа аҿиара, ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи азнеишьақәеи ахрархәарыла", — ҳәа азгәалҭеит Афонд анапхгаҩы.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ" Кан Ҭаниа иҳәеит асмартфонқәа рзы аԥсуа клавиатура аԥҵара аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиараз Афонд аусура иацызҵо акоуп ҳәа.

"Абри ахырхарҭала аус рыдулан еиуеиԥшым апроектқәа. Убарҭ инарыцҵаны аклавиатура аԥҵара хацҳаркит. Иахьа аиҳараҩык асмартфонқәа рхы иадырхәоит. Асеиԥш иҟоу аклавиатура аҟазаара акыр ихәарҭоу аԥсшәа здыруа реиԥш аҵара знапы алаку рызгьы", — иҳәеит Ҭаниа.

"Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" еиҿыркааит Москватәи аԥсуа диаспора 2017 шықәса рзы, анапы рылакуп агуманитартә проектқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0