Аԥсны ААР: аҳәаа аилагара ақырҭуа ган адгылара арҭоит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пункт "Ингур" в Гальском районе Абхазии
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 7 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи еицымҩаԥыргоз ауснагӡатәқәа раан дааныркылеит аҳәынҭқарратә ҳәаа еилазгаз Қырҭтәыла атәылауаҩ.

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба абри инамаданы иазгәеиҭеит ақырҭуа-аԥсуа ҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара аофициалтә Қырҭтәыла адгылара анаҭоит ҳәа.

"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ирацәахо иалагеит Қырҭтәылаа тәылауаа аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара иҟарҵо. Иумбарц ауам ақырҭуа-аԥсуа ҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара аофициалтә Қырҭтәыла адгылара шанаҭо", — иҳәеит иара.

Пограничный пункт Ингур в Гальском районе - Sputnik Аҧсны
Қырҭтәыла атәылауаҩ Аԥсны даанкылоуп

Ҭыжәба иазгәеиҭеит аԥсуа ган Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан изныкымкәа аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара иашамкәаны ишахәаԥшуа атәы шырҳәахьо, жәларбжьаратәи абжьаҟазацәеи ақырҭуа ган ахаҭарнакцәеи абри азы агәҽанҵара шрырҭахьо.

"Ҳара изныкымкәа ақырҭуа ган ахь ааԥхьара ҟаҳҵахьеит абри апроблема аӡбра аиурц, аха ҳара ҳажәақәа аилкаара рымам. Ақырҭуа ган абир апроблематика аполитикатә хыԥша анаҭарц иалагоит, женеватәи аиҿцәажәарақәа рахь икылнагоит", — иҳәеит иара.

Аминистр ицхырааҩ иазгәеиҭеит аԥсу аган ишаԥнаҵаз иманшәалоу аҭагылазаашьақәа ацивилизациатә ҟазшьа аманы аҳәаа ахысразы.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи еицымҩаԥыргоз ауснагӡатәқәа раан дааныркылеит аҳәынҭқарратә ҳәаа еилазгаз Жәаргьыҭ ақалақь аҿы инхо, 1984 шықәса рзы ииз Қырҭтәыла атәылауаҩ Георги Зарандиа.

Гал араион апрокуратура аусҭҵаара хнартит.

Ажәабжьқәа зегьы
0