Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы далырхит

CC0 / / Женщина-судья с молотком
Женщина-судья с молотком - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара асессиа мҩаԥысит хәажәкыра 21 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 21 мар — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара асессиа мҩаԥысит хәажәкыра 21 рзы. Адепутатцәа рыбжьы рҭиит Манана Делԥҳа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩыс лыҟаҵаразы абжьыҭира мҩаԥыргеит.

Манана Делԥҳа лкандидатура адепутатцәа ирыдигалеит Жәлар Реизараҿы Аԥсны Ахада ихаҭарнакс иҟоу Дмитри Шамба. Иара иазгәеиҭеит Делԥҳа лкандидатура иахәҭаны иҟоу аҭахрақәа зегьы ирықәшәоит ҳәа.

Маӡалатәи абжьыҭира аихшьаалақәа рыла Манана Делԥҳа лзы рыбжьы рҭиит абжьыҭира иалахәыз 30-ҩык адепутатцәа.

Манана Делԥҳа 1984 шықәса рзы ААУ азиндырратә факультет далгеит. 1997 шықәса рзы Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩыс далхын.

2015 шықәса рзы — Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаҩыс аусура далагеит. 2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаратә еилазаара даларҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0