ИЕРУСАЛИМ, мшаԥымза 5 – Sputnik. Ахәаша аҽны Аԥснытәи аныҟәаҩцәа Аџьар ныҟәара мҩаԥыргеит, Претории инаркны Голгофанӡа.
Аиереи Никита Адлеиба иҳәоит дарбанызаалак идыруазароуп ҳәа Иаса Қьырса дызнысыз амҩа заҟа иуадаҩыз.
"Иахьа Ахәаша ду ауп. Анцәа ицхыраарала Аԥснытәи анцәа ихаҵаҩцәа, Амшаԥ лаша аламҭалазы Иерусалимҟа амҩа иқәлаз, Иаса Қьырса аҵыхәтәантәи имҩа ианысит", — иҳәеит иара.
Уаанӡа Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа, аԥшьаныҟәаҩцәа зегьы реиԥш Аҩаша ду азы, Иисус дахьӡаархыз аҭыԥ аҿы Иордан аӡыԥшьа рыҽӡааршьит. Анахыс еиуеиԥшым аԥшьа ҭыԥқәа ирҭаауан.
Аԥснынтәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа Иерусалимҟа амҩа иқәлеит Амшаԥ аламҭалазы амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы. Амца анҩеилак ашьҭахь Аԥснытәи аныҳәарҭақәа рахь ихынҳәуеит Амшаԥ аламҭалазы Амца ԥшьа аҟәырҷаха рыманы.