Аиааира агара ус имариаӡам: Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев игәаларшәара

© Foto / из архива семьи СосналиеваСултан Сосналиев
Султан Сосналиев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, аибашьра аамҭазы Аԥснытәи архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩы, атәылахьчара аминистр Сулҭан Сосналиев аԥсуаа ирзеиӷьеишьаз атәы дазааҭгылоит Сырма Ашәԥҳа.

Аԥсны Афырхаҵа, аибашьра аамҭазы Аԥснытәи архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩы, атәылахьчара аминистр Сулҭан Сосналиев аԥсуа-қырҭуатә еибашьраҿы раԥхьатәи аинрал-маиорын. Аԥснытәи арбџьарымчқәа раԥҵареи, аибашьраҟны иааирԥшыз ахаҵареи рзы ианашьан "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара.

Аибашьра ашьҭахь, Сулҭан Сосналиев иуалԥшьа наигӡон Аԥсны, акыр аамҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрс дыҟан. 2008 шықәсазы аҟабарда аамсҭақәа ирхылҵшьҭраз Сулҭан Асламбек-иԥа Сосналиев иԥсҭазаара далҵит. 

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҩбатәи амш азы, Сулҭан Сосналиев хатәгәаԥхаралатәи адыгақәа ргәыԥ напхгара аҭо, Аԥсныҟа даахьан. Анаҩс, араҟа иалагеит иара иеибашьратә ԥсҭазаара…

Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуааи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Аԥыза иажәа: Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылантә иааз аделегациа ираиҳәаз

Ишәгәалаҳаршәоит иара иажәақәа:

"Ҳара ҳзеиԥш ус Аԥсны ахақәиҭра ахьчара ауп. Ааи, ииашоуп аибашьра еибашьроуп. Уи иацуп хырԥашьа змам аԥсҭбарақәа. Аиааира агара ус имариаӡам. Уи рхы ақәырҵеит Аԥсны иреиӷьыз аҵеицәа, аԥсуаа рҭагылазаашьа еилкааны ирыцеибашьуаза аӡәырҩы.

Аиааиреи ахьыԥшымреи Аԥсны иазааргеит аԥсуаа рҵеицәа, урҭ ирывагылаз Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рхаҭарнакцәа, Аладатәи Урыстәыла, аҳәаанырцәтәи ҳдиаспора рхаҭарнакцәа уҳәа аӡәырҩы. Ҳарҭ ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Аҭоурых ахә ҳаракны иашьап урҭ иаадырԥшыз ахымҩаԥгара, агәаӷьра, афырхаҵара, аиашара. Дара зааӡаз рҭаацәа рҿаԥхьа схырхәоит. Урҭ аԥсҭазаара аларҵәара рылдыршеит абиԥарала реиҳабацәа зызгәышьуаз агәыӷра, ахақәиҭра азықәԥара.

Иахьа, ҿыӷәӷәала иаҳҳәаратәы ҳаҟоуп Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵап ҳәа адунеи зегьы аҿы. Ҳаибашьцәа аԥышәара аамҭа иҭагылан. Уи ахысра рылдыршеит фырхаҵарыла. Архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәеи аибашьцәеи рыхьӡ ахааназы ԥсра-ӡра ақәым.

Аҭоурых наунагӡа иазынхап урҭ рышьҭа. Аԥсны ахьыԥшымра хьчатәуп. Анцәа иумҳәан, аӷа ҳааигәа дааумган, ажәа шәаҳҭоит еснагь ҳашшәыдгыло, ешьцәаҵас шәҳақәгәыӷыр шшәылшо. Сара Аԥсны аҩызцәа бзиақәа сырҳаит, ҭаацәала иааигәаны ҳаибабоит, еишьцәаҵас ҳаидгылоуп, ҳаиқәгәыӷуеит.

Аԥсуа жәлар сырзыразуп, ахашҭра уадаҩуп аибашьра аамҭазы иҳаԥгылаз ауадаҩрақәа, агәаҟрақәа, аԥсҭбарақәа. Аха, доуҳала иӷәӷәаз ажәлар, урҭқәа зегьы риааира рылдыршеит. Нагӡара ақәзааит Аԥсны ахақәиҭра, ахьыԥшымра, Аиааира!"

 

Ажәабжьқәа зегьы
0