Кьыршьал Чачхалиа дахьынхоз аҩнаҿы амемориалтә ӷәы кыдырҵоит

© Sputnik Бадрак АвидзбаЗаседание Сухумского городского Собрания
Заседание Сухумского городского Собрания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 24 рзы имҩаԥысыз Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҿ ирыдыркылеит аӡбра: Кьыршьал Чачхалиа дахьынхоз аҩнаҿы амемориалтә ӷәы кыдҵазарц.

АҞӘА, мшаԥы 24 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мшаԥы 24 рзы имҩаԥысыз Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҿ адепутатцәа ирыдыркылеит аӡбра: Кьыршьал Чачхалиа дахьынхоз аҩны, Инал-иԥа имҩа №3 аҿы амемориалтә ӷәы кыдҵазарц.

"Кьыршьал Чачхалиа еицырдыруа аԥсуа поет ирҿиамҭақәа ашколтә программа иалоуп. Иара ихьӡ анаӡаӡатәразы аҳәара ҟасҵоит абри азҵаара аганахь ала шәыбжьы шәҭирц", — иҳәеит ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа.

Адепутатцәа еицҿакрыла уи иақәшаҳаҭхеит.

Ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараз еиҿкаауп Владимир Занҭариа зхадараҿы дыҟоу аиҿкааратә еилакы.

Лаҵарамза 29, асааҭ 15.00 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥгахоит агәалашәаратә хәылԥазы.

Лаҵарамза 29, асааҭ 11 рзы апоет дахьынхоз аҩнаҿы амемориалтә ӷәы кыдҵахоит.

Аҵарауаҩ Уасил Аҩӡба аҭыжьра иазирхиеит Кьыршьал Чачхалиа иҩымҭақәа реизга, ҩ-томкны.

Ашколқәа рҟны апоет ииубилеи иазкны еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа еиҿкаахоит.

Кьыршьал Чачхалиа диит лаҵарамза 25 1918 шықәса рзы Ԥақәашь ақыҭан.

Раԥхьатәи иҩымҭақәа кьыԥхьын 1936 шықәса рзы.

Иԥсҭазаара далҵит 1970 шықәса ԥхынгәы 4 рзы, 52 шықәса дшырҭагылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0