Китаиаа ААУ аҟны ацентр аартра рыгәҭакуп

© Sputnik Анжелика БенияВстреча в АГУ с китайской делегацией
Встреча в АГУ с китайской делегацией - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны китаитәи амедицина аусура, Пекини Аҟәеи рыбжьара аҵаратә еимдареи азхаҵареи ртәы иалацәажәеит ААУ аректори китаитәи аделегациеи.

АҞӘА, мшаԥы 25– Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиеи Аԥсны иҟоу китаиаа рассоциациа ахантәаҩы Ге Чжили рнапы аҵарҩит агәҭакқәа рзы Аиқәшаҳаҭра.

"Иааит аамҭа адунеи атәылақәа рҟынтәи астудентцәа ҳауниверситет адыԥхьалараз. Агәахәара снаҭоит аԥсны-китаитәи акультуратә центр аартра. Ацентр хықәкны иамоуп акитаеццәа аурыс бызшәа дырҵара, иҟалап аԥсуа бызшәа дырҵарагьы ҳалагар, астудентцәа реимдара. Аҽа хырхарҭакны иҟоуп китаитәи амедицина", — ҳәа еиҭеиҳәоит Гәарамиа.

Иара иҳәоит ԥхьаҟазы асеиԥш иҟоу Жәларбжьаратәи апроектқәа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иацхраар шалшо.

Аԥсны иҟоу китаиаа рассоциациа ахантәаҩы Ге Чжили апроект атәылақәа рыҩбагь рзы хра аманы ишишьо.

"Аԥкаанҵа анапаҵаҩра иуникалу хҭысуп, избанзар адунеиаҿ аҽаџьара иҟам абри аҩыза ацентр. Ҳаар ҳзы акультуратә еимадарақәа аҵак ду рыманы иҟоуп" — иҳәеит Ге Чжили.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиеи Аԥсны иҟоу китаиаа рассоциациа ахантәаҩы Ге Чжили рнапы зҵарҩыз агәҭакқәа рзы Аиқәшаҳаҭра ԥхьаҟагьы ихарҭәаалахоит.

© Sputnik Анжелика БенияВстреча в АГУ с китайской делегацией
Встреча в АГУ с китайской делегацией - Sputnik Аҧсны
Встреча в АГУ с китайской делегацией
Ажәабжьқәа зегьы
0