Ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа ацхыраара рыҭахоит

CC0 / / Семья
Семья - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара мҩаԥысит лаҵара 3 рзы.

АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭаразы" азакәан ариашарақәа ралагалара.

Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы аилак ахада Алхас Џьинџьолиа ажәалагала ҟаиҵеит ахшара рацәа змоу (хҩык инадыркны хәҩык рҟынӡа) аҭаацәарақәа акоммуналтә маҵзура ашәарақәа 50% ахырхырц, фҩыки инареиҳани ахшара змоу урҭ ашәарақәа зынӡа ирхырхырц.

2018 шықәса рзы Аԥсны иҭаҩын 4 600 ҭаацәаар, зыҟны 12 500-ҩык ахәыҷқәа рааӡо. Иара убри аан адепутат иҳәеит зегьы шҭаҩым.

Аџьазы аминистрра адыррақәа рыла еиҳарак ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа нхоит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра.

Ажәабжьқәа зегьы
0