Амаршруткақәа ртарифқәа шыҟац иаанхоит

© Sputnik Бадри ЕсиаваЗаседание городского Собрания Сухума
Заседание городского Собрания Сухума - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 15 рзы аџьармыкьа хадаҟынтәи Араион ҿыц ахь иныҟәо амаршруттә машьынақәа рныҟәцаҩцәа хаԥышәала атариф 15 мааҭ аҟынтәи 20 мааҭ рахь ихаргалеит. Убри инадҳәаланы ақалақьтә Еизара адепутатцәа аилатәара рыман.

АҞӘА, лаҵара 18 мая – Sputnik, Бадри Есиава. Лаҵара 15 рзы аџьармыкьа хадаҟынтәи Араион ҿыц ахь иныҟәо амаршруттә машьынақәа рныҟәцаҩцәа хаԥышәала атариф 15 мааҭ аҟынтәи 20 мааҭ рахь ихаргалеит. Убри инадҳәаланы ақалақьтә Еизара адепутатцәа аилатәара рыман. Адепутатцәа атариф ашьҭыхра мап ацәыркит ҳәа Sputnik акорреспондент адырра ҟаиҵеит.

"Абжьыҭира иалахәын 19-ҩык адепутатцәа. Урҭ рҟынтәи атариф ашьҭыхра иақәшаҳаҭхеит хәҩык, ҩыџьа анапышьҭыхра мап ацәыркит" ҳәа адырра ҟаиҵеит аҭыԥ аҟынтәи ҳкорреспондент.

Аҟәатәи амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа рықәгыларақәа аҿҳәара инахеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа рықәгыларақәа аҿҳәара инахеит

Лаҵара 15 рзы аџьармыкьа хадаҟынтәи Араион ҿыц ахь иныҟәо амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа хаԥышәала атариф 15 мааҭ аҟынтәи 20 мааҭ рахь ихаргалеит.

Мшаԥы 24 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизараҿы абри азҵаара иалацәажәон. Усҟан ишьақәыргылан апроблема ҭызҵааша акомиссиа ҷыда аԥҵазарц.
Акомиссиа алахәылацәеи амашьына ныҟәцаҩцәеи реиԥыларагьы лҵшәа амоуит.

Ақалақьтә Еизара адепутатцәа рыбжьыҭираан ргәаанагарақәа еиԥшымызт.

"Аӡәгьы атарифқәа рышьҭыхра иҭахӡам, аха аҵыхәтәантәи ашьҭыхра ашьҭахь аамҭа маҷымкәа ицеит", — иҳәеит адепутат Семион Бжьаниа.

Адепутат Ҭемыр Кәпалба иазгәеиҭеит атариф ашьҭыхра дшазыхио, атәанчахәцәеи, аибашьра аветеранцәеи, астудентцәеи иахьазы иҟо атариф ала иныҟәо иҟалозар.

Атранспорт азы Аусбарҭа аиҳабы Робестан Габлиа иазгәеиҭеит апроблема аекономика аминистрраҿы ишалацәажәаз. Уаҟа атариф ашьҭыхра аҵаҵӷәы аманы ирбеит.
Аилатәараҿы иазгәаҭан ареспубликаҿы абылтәы ахә халараны иҟоуп ҳәа.

Лаҵара 15 рзы аџьармыкьа хадаҟынтәи Араион ҿыц ахь иныҟәо амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа хаԥышәала атариф 15 мааҭ аҟынтәи 20 мааҭ рахь ихаргалеит.

Мшаԥы 24 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизараҿы абри азҵаара иалацәажәон. Усҟан ишьақәыргылан апроблема ҭызҵааша акомиссиа ҷыда аԥҵазарц.

Акомиссиа алахәылацәеи амашьына ныҟәцаҩцәеи реиԥыларагьы лҵшәа амоуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0